Аԥсни Урыстәылеи ршәарҭадаратә хеилакқәа русеицура шьақәдырӷәӷәеит

© Sputnik Томас ТхайцукСекретарь Совбеза Килба Мухамед.
Секретарь Совбеза Килба Мухамед. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи ршәарҭадаратә хеилакқәа реиҳабацәа рнапы аҵарҩит 2015-2016 шықәсқәа рзы русеицура Аплан.

АҞӘА, мшԥ 16 – Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи ршәарҭаратә усбарҭақәа реиҳабацәа Муҳамад Кьылбеи Николаи Патрушеви имҩаԥыргеит азеиԥш шәарҭадареи атәылахьчареи ирызку аиԥылара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла ашәарҭадаратә хеилак апресс-маҵзура.

Аԥсни Урыстәылеи ршәарҭадаратә усбарҭақәа реиҳабацәа ирылацәажәеит арегионалтә шәарҭадара иазку азҵаарақәа, иара убас, рнапы аҵарҩит 2015-2016 шықәсқәа рзы русеицура Аплан.

Урыстәыла ашәарҭадаратә усбарҭа апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, аусеицуразы Аплан иазгәанаҭоит ҩ-тәылак рымчратәи, рзакәанхьчаратәи усбарҭақәа русеицура азеиԥш шәарҭадареи атәылахьчареи ирызку азҵаарақәа рыӡбаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0