Ҳаџьымба: Урыстәыла Сириа имҩаԥнаго арратә операциа ашәарҭадара иазкуп

© Sputnik Томас ТхайцукПрезидент Абхазии Рауль Хаджимба.
Президент Абхазии Рауль Хаджимба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа Сириа имҩаԥнаго арратә операциа ахы инаркны аҵыхәанӡа жәларбжьаратәи азин анормақәа ирықәшәоит, Ааигәа Мрагыларатәи арегион аҟны ашәарҭадара аагарагьы иазкуп, ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба.

АҞӘА, жьҭаара 5 — Sputnik. Урыстәыла аҳаиртә мчрақәа Сириа итәоу атеррористтә еиҿкаара "Аислам ҳәынҭқарра" аобиектқәа иахьрылахысуа арегион аҟны ашәарҭадара аагара иазкуп, ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба.

"Урыстәылатәи Афедерациа Сириа имҩаԥнаго арратә операциа ахы инаркны аҵыхәанӡа жәларбжьаратәи азин анормақәа ирықәшәоит, Ааигәа Мрагыларатәи арегион аҟны ашәарҭадара аагарагьы иазкуп", — иҳәеит атәыла ахада.

Ҳаџьымба иажәақәа рыла, Урыстәыла имҩаԥнаго арратә операциа Еиду Амилаҭқәа Реилазаара Аԥҟаԥҵәаҿы иаарԥшу апринципқәа рыхьчара иақәшәоит.

Абомбақәа ацәҟьарақәа ирықәымшәеит ҳәа ирыларҵәаз аинформациа мцуп

"Атерроризм адунеи алаҵәара ианаҿу аамҭазы, уи иацу ашәарҭара дуқәа раԥырҟәҟәааразы, Урыстәыла Сириа мҩаԥнаго арратә операциа зегь рыла Еиду Амилаҭқәа Реилазаара Аԥҟаԥҵәаҿы иаарԥшу апринципқәа рыхьчара иақәшәоит", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Цәыббра 30 инаркны Сириатәи Ареспублика ахада Башар Асад иҳәарала, Урыстәыла ихацнаркит ажәҩан аҟнытә ҳаир мчрала "Аислам ҳәынҭқарра" аобиектқәа рылахысра. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, аоперациа алҵшәақәа ҟанаҵахьеит, атеррористцәа разыҟаҵара ахьымҩаԥысуаз аҭыԥқәа ринфраструктура аԥыргарагьы уахь иналаҵаны.

Урыстәылатәи аҳаирпланқәа Су-34 аҭынч уааԥсыра ахьынхои аграждантә обиектқәеи рганахьала зынӡа хархәара рызумызт ҳәа инаҵшьны иазгәарҭеит Атәылахьчара аминистрраҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0