Украина Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтә амашьынақәа аштраф рықәырҵоит

© Sputnik Томас ТхайцукЛеон имҩаду
Леон имҩаду - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Украина Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рномерқәа змоу автомашьынақәа аштраф рықәырҵоит, Украина урҭ ареспубликақәа рхьыԥшымра ахьазханамҵо инадҳәаланы.

АҞӘА, абҵара 9 – Sputnik. Украина аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рномерқәа змоу автомашьынақәа аштраф рықәырҵоит, Украина урҭ ареспубликақәа рхьыԥшымра ахьазханамҵо инадҳәаланы. Абри азы аҳәамҭа ҟанаҵеит Украина апатрультә полициа, асоциал ҳа Facebook адаҟьаҟны.

Украинатәи аполициа азыҳәа нанашьҭит  Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рстатус ахәшьара анаҭаразы ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҟны.

"Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра арҭ ареспубликақәа азханаҵом. Иара иашьоит урҭ рыҩбагьы Қырҭтәыла иахәҭакуп ҳәа. Убри инадҳәаланы  аномерқәа иҟам адыргақәа иреиԥшншьалоуп" ҳәа азгәанаҭоит Украина апатрультә полициа.

Асеиԥштәи аҭагылазаашьаан азинхьчаратә органқәа азакәан инақәыршәаны рхы мҩаԥыргоит ҳәа агәҽанҵара ауит Украинатәи аполициа.

Ажәабжьқәа зегьы
0