Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аибашьра раԥхьатәи амш инаркны иалахәыз Шьазина Џьапуаԥҳа илгәалалыршәоит усҟантәи ахҭысқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукЛеон иорден занашьоу амедиаҳәшьа Шьазина Џьапуаԥҳа
Леон иорден занашьоу амедиаҳәшьа Шьазина Џьапуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
23 шықәса раԥхьа Аԥсны ахақәиҭраз имҩаԥысуаз аибашьра раԥхьатәи амш инаркны иалахәыз Леон иорден занашьоу амедиаҳәшьа Шьазина Џьапуаԥҳа илгәалалыршәоит усҟантәи ахҭысқәа.

"Сара зегьы раҵкыс игәыхьны, ихьааны исзынхеит ииультәи ажәыларақәа. Аиҳаракгьы Шроматәи Аҳабҩықәтәи ажәыларақәа", — лҳәит Џьапуаԥҳа.

"Хра злоу ахҭысқәа": Леон иорден занашьоу амедиаҳәшьа Шьазина Џьапуаԥҳа илгәалалыршәоит аибашьра иадҳәалоу ахҭысқәа.

Иқәыԥшыз, аибашьра захьӡыз афильмқәа рҿада изымбацыз, изакәыз ззымдыруаз аҭыԥҳацәа ҳаԥсадгьыл ашәарҭа ианҭагыла иаразнак ирдырит иҟаҵатәыз. Аԥышәа ду змоу реиԥш ахырӷәӷәарҭақәарахь инеиз арԥарцәа ирывагылеит.

Шьазина Џьапуаԥҳа лыҿцәажәара шәаԥхьар ҟалоит абра

Аиааира аҵыхәтәантәи амш аҽнынӡа гәеиҭасрак ҟамҵакәа аибашьра адәаҿы ҳаибашьцәа ацхыраара рырҭон, ирывагылан. Убарҭ рҩызцәа агәымшәақәа ирыбзоуроуп ҳара иахьа иҳамоу Аиааиреи Ахақәиҭреи.

Ажәабжьқәа зегьы
0