Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Фридеи Гундеи Берзениаԥҳацәа аԥсуа жәлар рашәақәа блиуз, джаз астильқәа рыла инаргыгӡоит

© SputnikМзия Берзения
Мзия Берзения - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Авокалтә-естрадатә шәаҳәаҩцәа аеҳәшьцәа Берзениаԥҳацәа рнапы злаку дазааҭгылеит рпродиусер, раҳәшьа еиҳабы Мзиа Берзениаԥҳа.

Авокалтә-естрадатә шәаҳәаҩцәа аеҳәшьцәа Берзениаԥҳацәа аҵара ахьырҵоз Санкт-Питербургынтәи Аԥсныҟа игьежьит. Ааигәа дара аусура иалагеит аҵара ахьырҵоз Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә музыкатә ҵариурҭаҿы. Дара рнапы злаку дазааҭгылеит рпродиусер, раҳәшьа еиҳабы Мзиа Берзениаԥҳа.

"Хра злоу ахҭысқәа": Аеҳәшьцәа Берзениаԥҳацәа рыпродиусер ашәаҳәаҩцәа рырҿиара далацәажәеит

"Аиҳәшьцәа Берзениаԥҳацәа қәҿиарала инарыгӡоит блиузгьы джазгьы. Дара ррепертуар есымша аҽаԥсахуеит, аха дара рзын зегь реиҳа ихадароу аԥсуа ашәақәа роуп", – лҳәеит апродиусер.

Берзениаԥҳа ишылҳәо ала дара аиаҳәшьцәа аԥсуа жәлар рашәақәа еснагь ррепертуар иалоуп, ихадырҭәаауеит. Насгьы еиуеиԥшым амузыкатә жанртә стильқәа рыла инарыгӡоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0