Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кациа: ашколтә программа адунеи адинқәа рҭоурых алагалазар ахәҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРезо Кация
Резо Кация - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҿы адин азҵаарақәа знапы иану Резо Кациа далацәажәеит атәыла ашколқәа рҟны адин иазку амаҭәар алагалара аҭаху иаҭахыму.

"Ас еиԥш иҟоу амаҭәар уаанӡагьы иҟазар цәгьамызт, аха убра иҟоуп зҵаара хәыҷык абри алагамҭа бжьнахыр ҟалоит. Сахьаԥхьо, иахьсаҳауа ала, Урыстәыла аума, даҽаџьара аума џьоукы-џьоукы ирҳәоит динхаҵарак иазкны амаҭәарқәа ашкол иалагалатәуп ҳәа, аха уи сара сақәшаҳаҭӡам. Ауаҩы адинхаҵара иазкны ак исырҵоит ҳәа уанидгыла, аиҳарак уи даныхәыҷу еиуеиԥшым адинқәа рҭоурых идугалозар ауп", — иҳәеит иара.

Хра злоу ахҭысқәа;: Резо Кациа далацәажәеит атәыла ашколқәа рҟны адин иазку амаҭәар алагалара аҭаху иаҭахыму

Ус акәымкәа адинқәа руак ахь дхьаурԥшо уалагар уи иашаӡам ҳәа сахәаԥшуеит, азгәеиҭеит Резо Кациа.


Ажәабжьқәа зегьы
0