Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Нарҭаа репос адунеиаҿтәи аԥхьаҩ иоур сҭахын

© Sputnik Томас ТхайцукЗураб Џьапуа
Зураб Џьапуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ааигәа Москва иҭыҵит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа ишәҟәы "Аԥсуа Нарҭтә епос атекстологиа, асемантика, апоетика" зыхьӡу. Ари ашәҟәы ҭыҵит аҭыжьырҭа "Наука" мрагыларатәи алитературатә ҭыжьымҭаҿы. Ашәҟәы аҵаки уи аҭыжьра шыҟалази дырзааҭгылеит ҳкорреспондент Нонна Ҭхәазԥҳа дзыҿцәажәаз автор Зураб Џьапуа.

Аҵарауаҩ, академик Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа 30 шықәса инарзынаԥшуа аус здиулоз аҭҵаамҭақәа ирыцызҵо акакәны иԥхьаӡоит ари ашәҟәы. Нарҭаа репос аҭҵаараҿы етапк азы иусурқәа еихызшьаало усумҭак еиԥш дахәаԥшуеит, убри аҟнытә адунеиаҿтәи аԥхьаҩ иоур иҭахын автор ари ашәҟәы. Хықәкыс иман Нарҭаа репос аҵакы адунеитә аԥхьаҩ изнагара.

Нарҭаа репос адунеиаҿтәи аԥхьаҩ иоур сҭахын


Ажәабжьқәа зегьы
0