Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Мадина Аргәынҧҳа: арежиссиори актиори реиқәшаҳаҭра, хымҧадатәиуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРежиссер Мадина Аргун
Режиссер Мадина Аргун - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны, Март мзазы ахәаҧшцәа ирыдгалахоит аиспан поет, адраматург Федерико Гарсиа Лорка ипьеса "Бернарда Альба лыҩны" иалху аспектакль. Уи ақәыргылаҩ, арежиссиор Мадина Аргәынҧҳа Арадио Sputnik Аҧсны иазеиҭалҳәеит ари апьеса залылхыз атәы.

Апьеса  "Бернарда Альба лыҩны" асиужет иаазыркьаҿны  уазааҭгылозар,  аҧҳәыс лыҧсҭазаара иазкуп.  Аҳәса  аҭаацәараҿы реизыҟазаашьа, урҭ ирыбжьаларц зылшо агәреибамгара, аилибамкаара иахылҿиаауа аҭагылазаашьақәа. Абраҟа  аҧсуа режиссиор хықәкы хадас ишьҭылхит, урҭ аизыҟазаашьақәа рыҧсахра. Уи азы еиҳа аҭаацәараҿы  аҳәса рыбжьара аҳәоуеиқәшәареи,   абзиабареи еиҳа аҧыжәара  рылҭарц азылыӡбеит. 

Хра злоу ахҭысқәа: ҳазҭалаз ашықәс азы иалкаау апьесақәеи, иқәлыргыларан иҟоу аспектакльқәеи дырзааҭгылоит Мадина Аргәынҧҳа

Иахьа атеатр ахь инеиуа ахәаҧшцәа ракәзар,   рхыҧхьаӡара  еиҳахеит,  аха урҭ  рыбжьараҿы аҿар рацәахеит ҳәа узазаҳәо иҟам. 

 "Уи ҟаларц азы  аҿари  атеатри  еибардыртәуп. Уи азы ари ашықәс иалагӡаны иазгәаҭоуп аҿар ҷыдала акциақәа рзымҩаҧгара", —ҳәа азгәалҭеит арежиссиор. 

Ажәабжьқәа зегьы
0