Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Владимир Агрба: Емма Кьылба дымҧсӡеит, уи лыдунеи лыҧсахит

© Sputnik / Томас ТхайцукВладимир Агрба
Владимир Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа аҵыхәтәантәи лымҩахь днаскьаргоит Д. Гәлиа ихьӡ зхыу Аҧсуа ҭҵаарадырра аинститут адиалектологиа аҟәша аиҳабы, аҵарауаҩ Емма Кьылба. Лара Қырҭтәыла аспирантура далгеит "Баҭымтәи аҧсуаа рыҿцәажәа" атемала адиссертациа хьчаны.

"Емма Кьылба лхы инаркны лшьапы аҟынӡа аҧсуара датәын, цқьа иҳазҭымҵаац "аҧсуара" ҳәа ҳазҿу  лыҧсҭазаара зегь ақәылҵеит, дпатриотын. Гәхьаак лымазаргьы, ега гәаҟра лхылгаргьы, агәышьҭыхра  лцәыӡӡомызт", — иҳәеит  Владимир Агрба.

Аҵарауаҩы абызшәадырреи, уи аҭҵаареи русхк аҿы лааҧсарақәа ртәы дазааҭгылоит Владимир Агрба

 Ҵарауаҩык лаҳасабала Емма Қьаамын-иҧҳа иҟалҵахьаз маҷмызт, абызшәа аҭҵаара иадҳәалан ылыҩхьаз астатиақәа амонографиа иаҩсуан.

Емма Кьылба хҧа-ҧшьба шықәса раахижьҭеи, лгәамбзаира  даргәамҵуан, аха лнапы злакыз  аус, зынӡагьы дагхарц лҭахӡамызт. 

"Еидкылан илыман  аҟыбаҩ змоу аспирантцәа ҿарацәа, урҭ дырхылаҧшуан, еснагь имҩақәылҵон. Избанзар абызшәаҭҵаара лара илыҧсҭазааран", — иҳәеит ҳаиҿцәажәара ахыркәшамҭаз  аҵарауаҩ Владимир Агрба. 


Ажәабжьқәа зегьы
0