Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бебиаԥҳа: Сергеи Багаԥшь изкыз сархив- шәҟәык алҵоит ҳәа сгәы иабомыз

© Sputnik / Томас ТхайцукЕкатерина Бебия
Екатерина Бебия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналист, ашәҟәыҩҩы Екатерина Бебиаԥҳа Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаареи, ирҿиаратә мҩеи зныԥшуа ашәҟәы аҭыжьра азырхиара даҿуп.

Ажурналист, ашәҟәыҩҩы Екатерина Бебиаԥҳа лажәақәа рыла, ари ашәҟәы «Сергеи Багаԥшь изку ажәабжь» ҳәа уҳәар алшоит.

"Сергеи Баӷаԥшь иԥсҭазаара ибзианы сагәылаԥшит сынқәыԥшӡаз инаркны. Очамчыратәи амаӡаныҟәгаҩс аус аныиуаз инаркны. Уамашәа иусушьа бзиан, араион анхацәа цәгьала дыргәаԥхон. Урҭ ашықәсқәа инаркны аочеркқәа, аиҿцәажәарақәа ианысҵоз, аидкылара саҿын", — ҳәа лҳәоит ажурналист.  

Ашәҟәы иагәылоу аматериал акыр шықәса ҵуеит еидыскылоишьҭеи,  лхәеит лара.

Сергеи Багаԥшь диит 1949 шықәса хәжәкыра 4 рзы Аҟәа ақалақь азы. Далгеит Асубтропикатә нхамҩа аинститут "агрономиа" азанааҭ ала. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Аминистрцәа Реилазаара ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 90-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Багаԥшь Аминистрцәа Реилазаара напхгара азиуан. 2005 шықәсазы Аԥсны ахадас далырхит, 2009 шықәсазы – аҩынтә раан Аԥсны ахадас далхын.

Аԥсны аҩбатәи ахада  Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса лаҵарамза 29 рзы, 62 шықәса дшырҭагылаз. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьаҿы, Џьгьарда.

Ажәабжьқәа зегьы
0