Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Далила Ԥлиаԥҳа: адепутат аԥсҭазааратә ԥышәа имазар ауп

© Sputnik / Томас ТхайцукЗураб Ачба ихьӡ зху аҵарадырратә центр аиҳабы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аполитологиа акафедра адоцент Далила Ԥлиаԥҳа
Зураб Ачба ихьӡ зху аҵарадырратә центр аиҳабы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аполитологиа акафедра адоцент Далила Ԥлиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зураб Ачба ихьӡ зху аҵарадырратә центр аиҳабы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аполитологиа акафедра адоцент Далила Ԥлиаԥҳа Sputnik арадио иалҭаз аинтервиу аҿы дазааҭгылеит Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа реиҿкаашьеи Апарламент аилазаара ҿыц аҟынтәи дзызԥшуи ртәы.

"Аԥсуаа ирҳәоит "ихәыҷымкәа идухахьада", ҳәа. Ақәра хымԥада акраҵанакуеит, аха дыҟоуп 60 шықәса зхыҵуа, аха гәыла иарԥысу, дыҟоуп 20 шықәса зхыҵуа, аха гәыла иҭаҳмадоу. Ақәреи аԥсҭазааратә ԥышәеи еицызар ауп, мамзар иқәыԥшу Апарламент ахь инамышьҭра иашаӡам уи аԥсҭазааратә ԥышәа имазар", — лҳәеит уи.

Далила Ԥлиаԥҳа адепутатрахь ицо аԥсҭазааратә ԥышәа рымазар ауп, ҳәа иазылыԥхьаӡоит

Уи илҳәеит лгәы шылнархьуа, ауаҩы аҵара далганы дааины аминистр ихаҭыԥуаҩыс аусура даналаго. Аҵара ду анаҩсан, аԥсҭазааратә ԥышәа имазар ауп ҳәа илыԥхьаӡоит уи.

Ажәабжьқәа зегьы
0