Аҳәынҭқарратә усбарҭеи, амчреи, ажәлари ирыбжьаҟазоу ажәабжь аганахьала ажурналистцәа ишақәнаго ирласны ажәабжь роуазар ауп.
"Иахьатәи аҭагылазаашьа атәы ҳҳәозар, иашаҵәҟьаны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа иаадыртит аинтернет саитқәа. Аха уи иаӡбаӡом апроблемақәа зегьы, иаҭахуп урҭ жәабжьла реиқәыршәара. Азакәан аҿы иҟоуп аԥҟара, аинформациа актуалразы, ахҭыс иҟалараны иҟоу азы заа адырра аҟаҵара, мышкы еиҵамкәа ҳәа. Убри ажурналистцәа русура акыр иҳәаақәызҵо, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа раартра алзыршо ԥҟароуп. Избан акәзар иарбанзаалак аусабрҭа аҽаартра ишазыхио аанарԥшуеит. Ҳара иахьеи-уахеи иҟало ахҭысқәа ирықәҳарӡуа аамҭа рацәоуп. Убри азоуп ари азакәан иазаԥхьагәанаҭо заа ахҭыс азы Амассатә информациатә хархәагақәа адырра рыҭара", — иҳәеит Руслан Ҳашыг.
Иара иазгәеиҭеит, еиуеԥшым аҳәынҭқарратә усбарҭақәа асаит аҿы икнарҳауа ахҭыс азы адыррақәа харҭәааӡам, убри аҟынтә ажурналистцәа ирҭахуп иҵегьы аинформациа. Еиҳаракгьы иҟалараны иҟоу ахҭыс азы адырра. Убарҭ асаитқәа рҿгьы иҷыдоу арубрикақәа рыла иазгәаҭатәуп ауаҩы илаԥш ақәшәартә.