Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Европатәи арҵаҩцәа рассоциациа иреиҳаӡоу ашкол далахәылахеит Алхас Чхамалиа

© SputnikАԥсуа университет аҟны иҭыҵуа агазеҭ аредактор хада Алхас Чхамалиа
Аԥсуа университет аҟны иҭыҵуа агазеҭ аредактор хада Алхас Чхамалиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Европатәи арҵаҩцәа рассоциациа иреиҳаӡоу ашкол ҳаҭыр зқәу алахәыла ҳәа асертификат ианашьан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иҭыҵуа агазеҭ "Аԥсуа университет" аредактор хада Алхас Чхамалиа.

Европатәи рассациациақәа иреиҳаӡоу ашкол аԥҵан 2005 шықәсазы Германиа, Гамбург ақалақь аҿы.

Алхас Чхамалиа Европатәи арҵаҩцәа рассоциациа иреиҳаӡоу ашкол ҳаҭыр зқәу алахәыла ҳәа дахьыҟалаз инамаданы игәаанагара ҳацеиҩишеит

"Ари асертификат алшараз иаԥнаҵо уи ауп, иахьа аинформациа аамҭа ҳҭагылоуп аҟынтә, аинтернет ахархәарала арҵаҩцәа реимадара арҭбаара, иаҳҳәап аидеиа бзиақәа змоу ыҟазар ирыцхраар рылшоит. Ари ассоциациа иалахуп имаҷымкәа аректорцәа. Дара рресурсқәа рыҟны иркьыԥхьуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иазкны ажәабжьқәа", — ҳәа иҳәеит Алхас Чхамалиа.


Ажәабжьқәа зегьы
0