Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа: агәаҭаратә-фольклортә концерт Гал мҩаԥаагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРадио студия Sputnik Абхазия
Радио студия Sputnik Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иван Кортуа ихьӡ зху Жәлар рҟазаратә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа арадио Sputnik Аԥсны иеиҭаз аинтервиу аҟны дазааҭгылеит агәаҭаратә-фольклортә концерт аҽазыҟаҵара шцо атәы.

"Бжьышықәса уажә аԥхьа, агәаҭаратә-фольклортә концерт амҩаԥгара ҳалагеит, хықәкы хадасгьы иҳамаз, жәлар рашәақәа реиқәырхара, урҭ рӡыргара, ажәлар рыларҵәара ауп. Ажәлар рашәа ари милаҭтә баҟоуп, иматериалтәым культуроуп, ари хымԥада еиқәырхатәуп, иӡыргатәуп, аҿар агәбылра дырктәуп. Аҟәа хәышықәса имҩаԥаагон, аха нас ҳаахәыцын, ҳажәлар Аҟәа мацара акәӡам иахьынхо, ауадаҩрақәа шҳамоу гәаҳҭеит арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны – ауаа жәлар рашәа иацәхьаҵуа иалагеит", — иҳәеит Кәарҷиа.

Кәарҷиа дазааҭгылеит агәаҭаратә-фольклортә концерт аҽазыҟаҵара шцо атәы

Уи зырҵабыргуа ҿырԥштәыс иааигеит аҿар жәлар рашәақәа ахьырзымдыруа, инеидгыланы чарак аҿы иахьырзымҳәо. Нури Кәарҷиа агәра ганы дыҟоуп жәлар рашәақәа ауаа рыларҵәаразы аконцертқәа Аԥсны ахы-аҵыхәа зехьынџьара имҩаԥгалатәуп. 

Ажәабжьқәа зегьы
0