Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аслан Камлиа: аԥсуа аҽырыҩра аҭоурых аҟны иҟамлацызт ари аҩыза алҵшәа бзиақәа

© Sputnik / Саид Царнаев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла Ахада Владимир Путин ихьӡала ахраҿа агаразы имҩаԥысуаз аҽырыҩра
Урыстәыла Ахада Владимир Путин ихьӡала ахраҿа агаразы имҩаԥысуаз аҽырыҩра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Ахада Владимир Путин ихьӡала ахраҿа агаразы имҩаԥысуаз аҽырыҩра аҟны аиааира ргеит аԥсуа ҽқәа хԥа.

Аԥсны аҽыспорт Афедерациа аиҳабы Аслан Камлиа иажәақәа рыла, Урыстәыла Ахада Владимир Путин ихьӡала ахраҿа анашьаразы аусмҩаԥгатә далахәын Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.

"Рауль Ҳаџьымба далахәын аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа. Зегьы ҳаракыла имҩаԥсыуан. Алҵшәа бзиақәа аадырԥшит аԥсуаа рыҽқәа. Аиашазы, аԥсуа аҽырыҩра аҭоурых аҟны иҟамлацызт, аҳәаанырцә ҳцаны ас еиԥш иҳаракыу алҵшәақәа ааҳарԥшуа", — иҳәеит Аслан Камлиа. 

Аслан Камлиа дазааҭгылеит Урыстәыла имҩаԥысуаз аҽырыҩра алҵшәақәа

Аҽырыҩра иалахәын Ахра Ашәбеи Нодар Ҵышәбеи рыҽқәа. Дара Америкеи Голландиеи рҟынтә иаагоу ҽқәоуп.  


Ажәабжьқәа зегьы
0