Руслан Ҳашыг дазааҭгылеит ателеканал "Абаза ТВ" аусура атәы
"Ҳазнысыз амҩа, ҳажәлар ишрыдыркылаз, ҳаԥсҭазаараҿы "Абаза-ТВ" ианнакылаз аҭыԥ ари зегьы наунагӡа инхароуп. Убри аҟынтә егьа аҭагылазаашьа аԥсуа кьыԥхь, ателехәаԥшра, арадио аҟны иуадаҩзаргьы аԥсуа журналистика ҿиалароуп. Шәынтәны еиҳау архив аманы, адунеи жәабжьқәа ирылахәны, абас иҟоу проектны избоит жәа-шықәса рышьҭахь "Абаза-ТВ", — иҳәеит Руслан Ҳашыг.
Раԥхьатәи Аԥсны ихьыԥшым ателеканал "Абаза-ТВ" аефир ахь ицәырҵит рашәара 26 2007 шықәсазы.