Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бараҭелиа: жәаҩа команда ириааины "Нарҭ" ааӡамҭацәа актәи аҭыԥ ааныркалеит

© SputnikАзыҟаҵаҩ Баҭал Бараҭелиа
Азыҟаҵаҩ Баҭал Бараҭелиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампылтә клуб "Нарҭ" ааӡымҭацәа разыҟаҵарақәа шымҩаԥсыуеи, аклуб иамоу аихьӡарақәеи, апроблемақәеи ртәы Sputnik арадиостудиаҟны дазааҭгылеит азыҟаҵаҩ Баҭал Бараҭелиа.
Азыҟаҵаҩ Баҭал Бараҭелиа дазааҭгылеит Ҟабарда-Балкариа имҩаԥысуаз ашьапылампыл атурнир алҵшәақәа

Ашьапылампылтә клуб "Нарҭ" ахәмырҩцәа 2007 шықәсазы ииз ашьапылампыл асыҩцәа Ҟабарда-Балкариа атурнир аҟны актәи аҭыԥ ааныркалеит. 

"Жәаҩа команда ахьыҟаз ҳара ҳааӡымҭацәа актәи аҭыԥ ааныркалеит. Атурнир аҟны "иреиӷьу амба хьчаҩы"ҳәа далкаан Леон Аргәын. Аиашазы, ахәыҷқәа зегьы ибзианы ихәмаруан, рхы бзианы иаадырԥшит", —  иҳәеит Бараҭелиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0