"Сара сгәы иаанагоит Аԥсны Жәлар Реизара ахь иалху адепутатцәа ирыӡбо аусқәа ажәлар ирбозар ауп. Иҟалар ауеит убри аҩыза азҵаара Аԥсны аҳәынҭқарра ахьчара иазку, ма даҽа зҵаара џьбарак иазкызар, усҟан аилатәара аркны имҩаԥгазар ауеит. Иахьа имҩаԥааго аилатәарақәа ажурналистцәа рылахәуп, иаҳҳәо анырҵоит. Ҳара иаҳҵәахуа ҳәа акгьы ыҟаӡам, ажәлар ирдыруазар ауп аус шаауа", — иҳәеит Тапаӷәуа.
Апарламент аҟны иҟоу адепутатцәа еиҳа ҭакԥхықәрала аилатәарақәа ирызнеиуеит, еиҳа рҽазыҟарҵоит иқәгылоу азҵаарақәа урҭ ишиашоу дырбара иалагар, ҳәа иԥхьаӡоит Тапаӷәуа.
Адепутат Илиа Гәниа абжьыҭараан мап ацәикит Жәлар Реизара аилатәарақәа ишиашоу аефир ала дырбара.
"Ари азҵаара Апарламент аҿы иқәгылеижьҭеи акыр ҵуан. Ари ақаад анудукыла инаугӡар ауп, ауаа ирбарц азы акамерақәа ықәыргылатәуп, иҟазҵода ари, Аԥсуа телехәаԥшра аума, мамзаргьы акамерақәа ықәыргыланы ҽакала аинтернет иҭаҵатәума, иҳамоума ус алшара. Иаадыруазар ауп ари аус иацу ауалафахәы, имариоуп ари ҟаҵатәуп ҳәа наҳәаны аӡәы инаиджьыланы ацара ҟалом, уи ҟаларц азы аџьабааи аԥареи ақәырӡтәуп", — иҳәеит Гәниа.
Жәлар Реизара аилатәарақәа ишиашоу аефирахь ицо аҟаҵаразы иаҭахуп инҭкааны ари азҵаара аӡбара, ҳәа игәы иаанагоит адепутат.