Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аполитолог: Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра анцоз Аԥсны ашәарҭара иҭагылан

© Sputnik Зафас ГамгияЗураб Ачба ихьӡ зху аҵарадырратә центр "Ақәымчра змам адунеи" аиҳабы Далила Ԥлиаԥҳа
Зураб Ачба ихьӡ зху аҵарадырратә центр Ақәымчра змам адунеи аиҳабы Далила Ԥлиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жә-шықәса раԥхьа Аахыҵ Уаԥстәыла ицоз аибашьра аԥсуаа зегьы ҳзы хьаа духеит, лҳәеит арадио Sputnik аҟны аполитолог, Зураб Ачба ихьӡ зху аҵарадырратә центр "Ақәымчра змам адунеи" аиҳабы Далила Ԥлиаԥҳа.
Аполитолог Аахыҵ Уаԥстәыла ақырҭуа ар рақәлара амш аҽны иазкны

"Аахыҵ Уаԥстәыла ақырҭуа ар рақәлара амш, ицоз аибашьра ҳара ҳзы акырӡа ихьаан, шәарҭара дуӡӡак ҳаман. Избан акәзар, ҳашьцәа ндырҵәар, ҳара ҳахь ииасуан. Уи аҟнытә ҳазыԥшын ажәабжь бзиақәа. Нанҳәа быжьба рзы Урыстәыла ар атанкқәа аналала маҷк ҳаԥсы ааиқәаҳаит", — лҳәеит  Ԥлиапҳа.


Ажәабжьқәа зегьы
0