Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Дасаниа: агәаҳәара сыман Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа-абаза жәлар рҭагылазаашьа аилкаара

апроект "Кавказ ҳара ҳзеиԥш ҩны" автор Давид Дасаниа
апроект Кавказ ҳара ҳзеиԥш ҩны автор Давид Дасаниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа- абаза жәлар рҭагылазаашьа зеиԥшроу аилкааразы, еиуеиԥшым ақалақьқәа сырҭааит, иҳәеит Sputnik арадиостудиаҟны апроект "Кавказ ҳара ҳзеиԥш ҩны" автор Давид Дасаниа.
Давид Дасаниа Ҭырқәтәыла иҟазаара иазкны

"Сара акырынтә агәаҳәара сыман, сыпроект "Кавказ ҳара ҳзеиԥш ҩны" иалагӡаны Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа-абаза жәлар рҭагылазаашьа аилкаара, аҭҵаара. Сара сазырызӡам абри лассы-лассы ирҳәо «Ҭырқәтәыла инхо,  Ҟарачы-Черқьесынтәи инхо аԥсуа –абаза жәлар рхаҭарнакцәа рҭыԥқәа ааныжьны Аԥсныҟа иаароуп ҳәа", — иҳәеит Дасаниа.

Апроект "Кавказ ҳара ҳзеиԥш ҩны" автор Давид Дасаниа Ҭырқәтәыла иҟазаара атәы инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир ала, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0