Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сангәлиа Ҭҟәарчалтәи атеатр асезон ҿыц иазкны: ҳагәҭакқәа рацәоуп

Анапаҵаҩра
Кыргызтәи адраматург Мар Баиџьиев ипиеса иалху аспектакль ала Ҭҟәарчалтәи атеатр асезон ҿыц аанартыит цәыббра 8. Sputnik акорреспондент Анжелика Бениаԥҳа ҭелла диҿцәажәеит Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Ҭҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә театр асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Сырбеи Сангәлиа.
Сырбеи Сангәлиа Ҭҟәарчалтәи атеатр иазкны

"Иаҳгәиҭоуп Шәарах Ԥачалиа иҩымҭа иалхны аспектакль ықәҳаргыларц. Иара убас, ҳрепертуар аҟны иҟоу аспектакльқәа есхәаша иқәҳаргылалоит. Урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп: Валери Касланӡиа ипиеса "Аилага", Роман Сабуа ипиеса "Ауаҩи аџьныши", иара убас "Иӷьычуа зегьы рҳәыҩцәам", "Ахьы Жәабран" уҳәа иҳамоуп егьырҭ аспектакльқәагьы", – иҳәеит Сангәлиа.

Раԥхьаӡа акәны "Асабша ашьыбжьышьҭахь " Ҭҟәарчал иқәыргылан хәажәкыра 20 2015 шықәсазы.

Инарҭбаау ажәабжь шәаԥхьыр ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0