Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шьазина Џьапуаԥҳа: аибашьра алагеит анырҳәа- ииашахарым ҳәа сгәыӷуан

© SputnikЩазина Джопуа
Щазина Джопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аибашьра иалагеит ҳәа ансарҳәа агәра сзымгеит, лҳәеит Ешыра-Афонтәи абаталион иалаз Леон иорден занашьоу амедеҳәшьа Шьазина Џьапуаԥҳа.
"Агәалашәара амҩала" Шьазина Џьапуаԥҳа лгәалашәарақәа

"Аибашьра ианалагаз аусураҿы сыҟан, агәра зымгаӡеит жәаҳәарада, агәыӷра сыман ииашахарым ҳәа, аха агәыӷрақәа башан, иалагеит аибашьра. Сара Ацҳа ҟаԥшь аҟны саннеи ахысрақәа ирылагахьан. Аҷкәынцәа аҽеизгара иаҿын. Арахьтәи аганахь ала итәахьан. Ацхырааразы амедиаҳәшьцәа иҳалшоз ала ҳҽеидаҳкылт", — лҳәеит Џьапуаԥҳа.

Sputnik Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәало зегьы есыҽны ишәзеиҭанаҳәалоит апроект "Агәалашәара амҩала" захьӡу аҿы. Аофициалтә шәҟәқәа, аветеранцәа ргәалашәарақәа, ашаҳаҭцәа рысалам шәҟәқәеи рымшынҵақәеи арадио аҿы шәазыӡырыҩлар ҟалоит, иара убас Sputnik Аԥсны асаит аҿы шәаԥхьар шәылшоит.


Ажәабжьқәа зегьы
0