Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Амиран Адлеиба: асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа реиҵааӡаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАмиран Адлейба
Амиран Адлейба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟазацәа зегьы ргәы ацԥыҳәа, рырҿиаратә процесс иагырханы, аҿар реиҵааӡараҿы ирылшо зегьы ҟарҵоит, иҳәеит Sputnik арадиостудиаҟны Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабы Амиран Адлеиба.
"Хра злоу ахҭысқәа": Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабы Амиран Адлеиба аҵараиурҭа 50 шықәса ахыҵра иазкны

"Ахәыҷкәа абжьаратә ҵараиурҭаҿы рҵара хыркәшан, ААУ аҿы рдыррақәа еиздырҳартә еиԥш иҟаҳҵеит, уи акырӡа алҵшәа бзиа аанышьҭып ҳәа агәаанагара ҳамоуп. Убри аҵаратә система еиҭа иацклаԥштәуп, иашьашәалоу апрограмма шьақәыргылатәуп", — иҳәеит Амиран Адлеиба.

Инарҭбаан ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Шәазыӡырҩла Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0