Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гогәуа: Иорданеи Аԥсныи рыбжьара аимадара арӷәӷәаразы иҟаҵоуп даҽа шьаҿак

© Sputnik / Томас ТхайцукСонер Гогуа
Сонер Гогуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иорданиаҟа ҳцара хықәкы хадас иаман, уа иҟоу ҳдиаспореи ҳареи аимадарақәа ҳабжьаҵареи, аекономикеи ахәаахәҭреи рганахьала аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгареи, иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" анапхгаҩы Сенер Гогәуа.
"Хра злоу ахҭысқәа": Сенер Гогәуа аԥсуа делегациа Иорданиаҟа рцара иазкны.

"Иорданиа ҳаҟазаара аамҭазы иалыршахеит Апарламент аиҳабыи ҳареи ҳаиқәшәара. Аекономикеи ахәаахәҭреи аганахьала Иорданеи ҳареи аимадара арӷәӷәара ҳара ҳзы акыр шаҵанакуа изнаҳгеит. Уи азҵаарала Аԥсныи Иорданеи адепутатцәа рҟынтә азеиԥш усутә гәыԥ аиҿкааразы аицәажәара мҩаԥаагеит, уи мап ацәырымкит", — иҳәеит Гогәуа.

Шәазыӡырҩла Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0