Аҟәысба: аԥсуа диаспара рыԥсадгьыл ахь иаартә еиԥш амҩақәа ырмариатәуп
"Аԥсны атәыла ахада Рауль Ҳаџьымбеи ҳареи ҳаиԥылараҿы ҳалацәажеит иҳамоу ауадаҩрақәа ртәы. Ҳабызшәа аиқәырхәаразы иҟаҵатәу, ҳаимадара арӷәӷәаразы иазԥхьагәаҭатәу, ҳцара-аара шырманшәалатәу уҳәа еиуеиԥшым азҵаарақәа. Ҳаиҭанеиааира мариахарцаз, аҳаиртә баӷәаза аарттәуп, аӷбақәа иааны ицартә еиԥш амҩа рзалхтәуп. Урҭ рахьынтә иаҳа иманшәалоу аҳаиртә баӷаза аартра ауп", — ҳәа азгәеиҭеит Аҟәысба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы.