Константин Ԥлиа диит 1970 шықәса рзы Аҟәа ақалақь.
Ихәыҷратә шықәсқәа ихигеит Гәдоуҭа. Ефрем Ешба ихьыӡ зху аҟәатәи абжьаратә школ №20 аԥсуа сектор далгеит. Ақыҭанхамҩатәи азиндырратәи ҵара имоуп. Аусура хациркит 1988 шықәса рзы, Аҟәатәи ателефонтә станциаҟны.
1989 шықәса инаркны 1991 шықәсанӡа Асовет ар рҟны аррамаҵзура дахысуан. 1992-1993шш. рзы активла далахәын Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. "Агәымшәараз" амедал ианашьоуп.
2001 шықәса рзы Аҟәатәи ақалақьтә еизара депутатс далхуп.
2002-2007 – Апарламент адепутат.
2012ш. рзы далрхит Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахантәаҩыс.