Асҭамыр Ҭаниа ибиографиа

© Sputnik / Томас ТхайцукАсҭамыр Ҭаниа.
Асҭамыр Ҭаниа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра

Асҭамыр Ҭаниа диит ажьырныҳәа 30 1973 шықәса рзы Гагра ақалақь аҿы.

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҭоурыхтә факультет далгеит.

Ԥхынҷкәын 1993 шықәса инаркны абҵара 26 1994 шықәсанӡа – Аԥсны Иреиҳау Асовет асоциологиа аҟәша референтс дыҟоуп.  

Абҵара 26 1994 шықәса инаркны ԥхынҷкәын 1995 шықәсанӡа аус иуан Аԥсны ахада иаппарат аинформациатә-аналитикатә ҟәша референтс.

Ԥхынҷкәын 1995 шықәса инаркны жьҭаара 1999 шықәсанӡа Аԥсны ахада иреферентс аус иуан.

Жьҭаарамза 1999 шықәса инаркны жәабран 2005 шықәсанӡа – аполитикатә зҵаарақәа рзы ахада ицхырааҩыс аус иуан.

Жәабран 12 2005 шықәса инаркны хәажәкырамза 4 2010 шықәсанӡа – Аԥсны раԥхьатәи ахада иабжьгаҩыс аус иуан.

Мшаԥымза 2010 шықәса инаркны рашәарамза 2014 шықәсанӡа – Аԥсны раԥхьатәи ахада Ифонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс аус иуан.

Рашәарамза инаркны цәыббрамза 2014 шықәсазы – Аԥсны ахада Иадминистрациа анапхгаҩы иусқәа наигӡон.

Цәыббрамза 27 2014 шықәса рзы Аԥсны ахада Иадминистрациа напхгаҩыс дҟарҵеит.

Дҭаацәароуп, хҩык ахшара имоуп.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0