Даур Вадим-иҧа Ақаҩба хәажәкыра 15, 1979 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы диит.
2000 шықәса рзы Башкиртәи аҳәынҭқарратә университет, “Азиндырратә” факультет далгеит (азанааҭ – “адәныҟатәи економикатә усура азинтә еиқәыршәара”). 1995-2000 шш. – ареферент, Ареспублика Башкортостан аҿы Аҧсны Ахаҭарнакра аҿы абжьгаҩ.
2000-2009 шш. – Ареспублика Башкортостан аҿы Аҧсны Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ахаҭарнак.
2005-2006 шш. – Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы жәларбжьаратәи аҟәша аиҳабы.
2006-2010 шш. – Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ. 2010-2011 шш. – Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара Аппарат аиҳабы. 2011 ш. – Аҟәатәи иаарту аинститут аҿы азанааҭдырра “Жәларбжьаратәи азин” ала алекциақәа дрыҧхьон.
2012 ш. лаҵарамза инаркны абҵарамза аҟынӡа – Аҧсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аусбарҭа азинтә ҟәша аиҳабы. 2012-2014 шш. – Урыстәылатәи Икоммерциатәым Афонд “Институт Евразийских исследований“ анаҧхгаҩы ихаҭыҧуаҩ. 2013-2014 шш. – Аҧсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аусбарҭа анаҧхгаҩы иабжьгаҩ.
2013 ш. (абҵарамза) – Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы иабжьгаҩ. Абҵарамза, 2014 ш. инаркны – Аҧсны Ахада ипротокол Аусбарҭа аиҳабыс аус иуан.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусҧҟа инақәыршәаны Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу I акласс Ахаҭарнак ҳәа адипломатиатә ранг ихҵоуп. “Жәларбжьаратәи аимадара аҿиара аҿы илагала ду азы” ҳәа адыргаҷа, иара убас егьырҭ аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ианашьоуп. Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахәыҷқәа драбуп.