Џьансыхә Лазба: аԥсуа ҿар аҵарадырра иашьҭоуп

© Sputnik Сырма АшәԥҳаЏьансыхә Лазба
Џьансыхә Лазба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Маи 28 рзы Бандырма ақалақь аҟны имҩаԥысит Атуризми акультуреи рзы 26-тәи жәларбжьаратәи афестиваль. Уи иалахәын Гагра, Гәдоуҭа, Гәылрыԥшь араионқәа рхадацәа, Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Дмитри Гәынба. Афестиваль ахь ааԥхьара аман иара убас Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Вианор Логәуа напхгаҩыс дызмоу акәашаратә ансамбль "Абжьыуаа".

АҞӘА, рашә 2 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Маи мзазы Ҭырқәтәыла иаҭааны иҟан Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы Вадим Ҳаразиа напхгара ззиуаз Аԥснытәи аделегациа. Аделегациа ахаҭарнакцәа рхы аладырхәит Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашара иазкыз ахәылԥаз, иара убас ахырҵәара иақәыршәаз аԥсуаа ирхыргаз агәаҟра ду иазкыз аусмҩаԥгатә. Аделегациа анапхгаҩы Вадим Ҳаразиеи, Ҳџьынџьуаа реимадара аҟәша аиҳабы Џьансыхә Лазбеи Ҭырқәтәыла рыҟазаара иалагӡаны изыхьӡаз лзеиҭарҳәеит Sputnik акорреспондент.

"Ҳџьынџьуаа злахәыз аиԥыларақәа мҩаԥысит Диузџье, Сҭамԥыл, Адаԥазар, Дариара уҳәа аԥсуаа ахьынхо ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҟны. Ҳрылацәажәеит ҳаимадареи, ҳдиаспора рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыхынҳәреи ирыдҳәалаз азҵаарақәа жәпакы. Иубаратәы иҟоуп аҿар рыԥсадгьыл ргәы шазыбылуа. Ирацәаҩуп арахь аара згәы азыҳәо", – ҳәа азгәеиҭеит Ҳаразиа.

Ҳарарзиа иажәақәа рыла, маи 28 рзы Бандырма ақалақь аҟны имҩаԥысит Атуризми акультуреи рзы 26-тәи жәларбжьаратәи афестиваль. Уи иалахәын ф-ҳәынҭқаррак рхаҭарнакцәа, Аԥсныгьы уахь иналаҵаны, хаҭала Гагра, Гәдоуҭа, Гәылрыԥшь араионқәа рхадацәа, Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Дмитри Гәынба. Афестиваль ахь ааԥхьара аман иара убас Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Вианор Логәуа напхгаҩыс дызмоу акәашаратә ансамбль "Абжьыуаа".

Акәашаратә ансамбль "Абаза" аҟазара ҭырқәтәылатәи ахәаԥшцәа аршанхеит

"Бандырма имҩаԥысуаз афестиваль Аԥснынтә ҳансамбль ахьалахәыз иаҿагылаз амчқәа ыҟан. Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ахаҭарнак даара аҿагылара ҟаиҵеит, ашәҟәқәа ишьҭит, аҭел дасит, аха иҽазышәарақәа лҵшәадахеит. Бандырма ақалақь ахада Дурсун Мирза аҭакс абас иҳәеит: "Сара сықалақь сара саԥшәымоуп. Ишахәҭоу аусқәа сыдыскылоит", — ҳәа. Ҳакәашацәа рҟазара ахәаԥшцәа даара гәахәала ирыдыркылеит", – иҳәеит Ҳаразиа.

Афестиваль еизнагеит 25-нызқьҩык рҟынӡа аҭааҩцәа, уи хы-мыш имҩаԥысуан. Ақалақь аҟны еиԥш афестиваль еиҿкаан иара иаҵанакуа, аҭырқәцәа мацара ахьынхо ақыҭаҿгьы.

Ҳаразиа ишазгәеиҭаз ала, ақалақь ахадаара ҳделегациа ҳаҭырқәҵарыла ирыдыркылеит. Афестиваль анхыркәшаха ашьҭахь дара алшара рыман афатә аалыҵқәеи ақыҭанхамҩатә зауадқәеи рҭаара.

Бандырма ақалақь аҿы аԥсуаа нхаӡом, еиҳарак иуԥыло адыга жәларқәа роуп. Адыга жәларқәа еидызкыло акультуратә клуб аҟны аԥсуаа злахәыз аизара мҩаԥган. Уаҟа гәахәала ирыдыркылеит Аԥсны ахада Рауль ҳаџьымба Нхыҵ кавказтәи ареспубликақәа рахь иныҟәара. Иазгәаҭан, ҳҳәоу еиқәыршәаны, ҳаилибакааны аус еицаҳур шҳахәҭоу.

Ҳџьынџьуаа реимадара аҟәша аиҳабы Џьансыхә Лазба иажәақәа рыла, Бандырма ақалақь аҟны имҩаԥысыз афестиваль ҵакыс иаман ажәларқәа реидкылареи, реимадареи.

"Даара алҵшәа бзиақәа змаз аизарақәа мҩаԥысит. Афестиваль акультуреи атуризми рхырхарҭақәа рыла еиҿкаан. Ҳара ҳакәашацәа рҟазара ахәаԥшцәа акырӡа ихнахит. Анапеинҟьабжьқәа акыраамҭа еихсыӷьуамызт. Дара ирылдыршеит ҳмилаҭтә доуҳа аӡыргара", – иҳәеит Лазба.

Ҭырқәтәыла рыҟазаара иалагӡаны Аԥснытәи аделегациа алшара рыман аҿари дареи еиԥылартә, еицәажәартә еиԥш.

"Аԥсуа ҿар аҵарадырра иашьҭоуп. Ирацәан иҳарҭоз азҵаарақәа, Аԥсны анхара, аусура, ахныҟәгара, ашәарҭадара уҳәа ирызкны. Ҳара еилаҳкаауазароуп, атәым тәылаҟынтә аара шымариам, ҭакԥхықәрала азнеира шаҭаху. Ҳара ҳганахьала иҳалшоз аҭакқәа ҟаҳҵеит. Ҳазҭоу аԥхынразы иазгәаҭаны иҳамоуп Ҭырқәтәылантәи аԥсуа ахәыҷқәа 50 инарзынаԥшуа рҭаацәа рыцны Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа раагара. Иара убас арантә аҿар Ҭырқәтәылаҟа рышьҭра апрограмма аус адулара ҳаҿуп", — иҳәеит Лазба.

Бандырма ақалақь аҭаара хыркәшан ақалақь ахадареи аҭыԥантәи адепутатцәеи злахәыз аиԥыларала.

Ажәабжьқәа зегьы
0