Ныӡаарас иҟоу тәым дгьылуп, ԥсҭазаарас иҟоу ԥсадгьылуп

© Sputnik / Сергей Мамонтов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото.
Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дарбанызаалак ауаҩы, иара ихатәы лахьынҵа шизшоу еиԥш, Аԥсадгьыл иамоуп иара ахатәы разҟы, ахатәы лахьынҵа, изнысхьоу аҭоурыхтә мҩа, иацтәи, иахьатәи амш, уаҵәтәи агәыӷра.

АҞӘА, жьҭаара 27 – Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Ҳара Аԥсны азы ҳгәы былуеит, аха уи амацара азхаӡом. Сара хылҵшьҭрала субыхыуп. Аԥсышәала исҭахыу сҳәаратәы сыҟоуп. Уи сара сазгәыдууп, иҳәеит Измиҭ ақалақь аҿы инхо Емын Бырзеқь.

Баҭал Ҳагәышь: аԥсуа бызшәа еснагь иамшзар ауп

"Сабду Аԥснынтә дыхҵәаны дааит. Ара дыҩнрахеит. Ԥҳәысс Ҳәаҷааԥҳа дигеит. Бычка ақыҭаҿы ҳанхон. Схәыҷра ашықәсқәа рзы исгәалашәоит, ҳқыҭаҿы ҭырқәшәала ицәажәоз уаҩ дҳаламызт. Зегьы аԥсшәа акәын ирҳәоз" – ациҵеит уи. 

Дарбанызаалак ауаҩы, иара ихатәы лахьынҵа шизшоу еиԥш, Аԥсадгьыл иамоуп иара ахатәы разҟы, ахатәы лахьынҵа, изнысхьоу аҭоурыхтә мҩа, иацтәи, иахьатәи амш, уаҵәтәи агәыӷра.

Амшын нырцә ихырҵәаз ҳауаажәлар, Аԥсны изныҵыз аҭыԥқәа иреиԥшыз ԥшааны, раԥсуареи, рхатәы бызшәеи ирыхӡыӡаауа анхара рҽазыркит. Уижьҭеи аамҭақәа цеит иниакәкәа. 

Зхатәы бызшәала ашәак мҳәакәа изырхәлахьада?! Аха, Ҭырқәтәыла дынхоны, даԥсыуаны, ашәак зҳәахьада? Иҳәахьацзаргьы, шаҟа гәырҩеи, шаҟа хьааи аҵаҵәахыузеи? Ас еиԥш иҟоу ҳџьынџьуаа рхәыцрақәа заҟа уарҳәоузеи? Егьа убас акәзаргьы, ргәы карыжьуам, изланхо атәым милаҭ  иныҟәырго раԥсуара ала иаарылукаартә иҟоуп, аԥсы ҭоуп раԥсуара. Дара изларҳәо ала, аԥсуа бызшәа ашьҭыбжь анырҵәыӡ, аӡы зҵабаз аԥсыӡ иаҩызахоит. 

"Сгәы иҵхо исҳәарц исҭахыу рацәоуп, аха ишысҭахыу сызцәажәом. Ухатәы бызшәала иуҭахыу анузымҳәо, уи еиҳау рыцҳара ыҟам. Ара ҳаԥсшәа, ишшәаҳауа еиԥш, ирыцҳауп. Сара  сыуаҩыбжара сынҭысхьеит, саԥсшәа шхьысҳау жәбоит, ҳара иҳаиҵбацәоу раԥсшәа шыҟоу шәазхәыц. Ҳаԥсшәа ҳахьынҳалоуп" — дцәажәон Нуран Ашәԥҳа.

Аҳәаанырцә инхо аԥсуаа, рхатәы бызшәа аиқәырхара, уи мырӡкәа изызҳауа абиԥарақәа рызнагара иашьҭоуп. 

Проект Комитета по делам молодежи Аҿар, аԥсышәала шәцәажәала! - Sputnik Аҧсны
Апроект ҷыда Аԥсуа бызшәа амш иазкны

"Сара Нуран лаҳәшьеиҵбы соуп. Аԥсны сцахьеит, схәыҷы дсыманы снеит. Уа ҳанхарц ҳҭахын. Аҳа, сыԥшәма данычмазаҩха, арахь аара ҳақәшәеит.  Сахьнеиз избаз сеигәырӷьеит. Ҳаԥсадгьыл сгәы азыблит. Ҳаиҵбацәа ирдырроуп абызшәа. Аӡы иалоу аԥсыӡ аӡы ианалҵлак ишԥаҟьԥаҟьуа еиԥш, ҳԥаҟьԥаҟьуеит. Ҳандуцәеи ҳабдуцәеи аҭырқәшәа ахьырзымдыруаз  азы, иаҳҵеит аԥсшәа.  Избанзар, ҳлымҳа иаҳауан. Ҳамыԥхьакәа, ҳамҩыкәа иаҳҵаз ауп. Ҳаиҳабацәа иаҳдырбаз аԥсуара ныҟәаҳгоит", — лгәы хьаауа лыгәҭыхақәа ҳзеиҭалҳәон Шьуқран.

Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа, ркультура аиқәырхаразы, еиҿкааны ирымоуп адернеқьқәа, ахеидкылақәа. Уаҟа рҽазыршәоит рхатәы бызшәа аҵара.

"Сара, Адаԥазар ақалақь, Каилак ақыҭа сеиуоуп. Ара инхо аԥсуаа, рхатәы бызшәа дырҵаразы акурсқәа мҩаԥызгоит. Ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа ргәы ацԥыҳәаны иааиуеит. Иҟоуп зхатәы бызшәа здыруа, аха аҩышьа, аԥхьашьа зҵар зҭахыу. Иҟоуп зынӡа ажәак ззымдыруа иааиуагьы. Знык абызшәа агьама ркыр, ирымҵарц залшом. Уи сара сԥышәа иснарбеит. Сара Аԥсны, сҵарадырра аизырҳаразы акурсқәа сырхысит. Уи сус акыр иацхраауеит" — иҳәеит аԥсуа бызшәа арҵаҩы Ирфан Хәаҷаа. 

Абасала, зыԥсадгьыли збызшәеи гәхьаазго, атәым ҳәынҭқарраҿы инхо аԥсуаа, изларылшо ала, милаҭк аҳасабала ахеиқәырхара иашьҭоуп. Дара рыхдырраҿы аҭыԥ ааннакылоит абарҭ ажәақәа: Ныӡаарас иҟоу тәым дгьылуп, ԥсҭазаарас иҟоу ԥсадгьылуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0