Алина Жьиԥҳа: аибабара агәыбылра ацуп

© Sputnik / Илона ХварцкияАпоет-аиҭагаҩ Алина Жьиԥҳа
Апоет-аиҭагаҩ Алина Жьиԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рхьарԥшразы иҟоу амҩақәа ртәы дазааҭгылеит абызшәадырҩы, апоет-аиҭагаҩ Алина Жьиԥҳа.

Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Сырма Ашәԥҳа. 

– Аҭоурыхтә мзызқәа ирхырҟьаны, ҳауаажәлар рыхәҭа дук аҳәаанырцә иахган. Егьа уадаҩра рхыргазаргьы, милаҭк аҳасаб ала, атәым дгьыл аҿы ахеиқәырхара рылшеит. Алина, иахьа урҭ рыԥсадгьыл радыԥхьалара аус аҟны мҩақәас иббои?

– Ҳҳәынҭқарра ашьақәыргылара аҟны арепатриациа аус ихадарақәоу ирхыԥхьаӡалоуп, иахәҭоу аҭыԥгьы аанакылоит ҳәа сгәы иаанагоит. Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иаԥшьгарала, ҳашьцәа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоижьҭеи абар уажәшьҭа 20 шықәса инареиҳауп. Аусура алҵшәақәагьы амоуп. Аха аилак имҩаԥнаго аус инаҷыданы, ҳара атәылауаа ҳашьцәа рахь иааҳарԥшуа ҳгәыбылра  даара акраҵанакуеит. Аамҭа аҽаԥсахит, аиҭанаиааирақәа еиҳа еиҳахеит, насгьы иахьа иҟалеит аимадаразы ухы иаурхәаша ацхыраагӡақәа рацәаны. 

Сара хаҭала Ҭырқәтәыла избахьоуи, насгьы зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара иааз аԥсуааи рзы исҳәарц сылшоит  акыр ргәы былуеит ҳәа. Рыԥсадгьыл бзиа рбоит, рбызшәа пату ақәырҵоит, ԥсуа ҵасла рхы мҩаԥыргоит, зегь рыла урҿыԥшыртә иҟоуп. Далкаан иӡбахә сҳәарц сылшоит иахьа зыԥсадгьыл аҿы инхо Еркәыт Аӡынба. Иареи сареи раԥхьа Феисбук ала ҳаибадырит. Усҟан, Аԥсныҟа нхара дмааӡацызт. Иахьа аӷьараҳәа дҳавагылоуп. Зегь рыла даԥсыуоуп, атәашьа-агылашьаҿы аума, аԥсшәаҳәараҿы аума. Ҭырқәтәыла инхо аҿарацәагьы убас избаларц сҭахуп. Ҳымԥада, дара Аԥсны бзиа ирбоит, аидгыларагьы рымоуп. 

Иахьа аԥсуаа ҳҿаԥхьа ицәырҵуа, иӡбатәны иҟоу апроблемақәа, азҵаарақәа  рацәоуп. Раԥхьаӡа иргыланы, абызшәа азҵаара. Уи ҳзыӡбар ауп ҳмилаҭтә хдыррагьы еиҳа ианыӷәӷәахо. Ари аус аҿы Аԥсны инхо аԥсуааи аҳәаанырцә инхо аԥсуааи ҳаӡәыкзароуп, аимадара даара иаҳҭахуп. Аиҭанаиааиразы ибзиоу атенденциақәа ыҟоуп иахьа. Уахь исыԥхьаӡоит Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа аҵаразы ицо аҿарацәагьы. Уа инхо аԥсуааи дареи еибабоит, еиҩызцәахоит, еизааигәахоит.  Иҟоуп аҭаацәарақәа аԥызҵо, уигьы аиҭанаиааирақәа рус иацхраауеит. Ахәаахәҭрагьы уахь иналаҵаны, иҵегьы ҳаимадара аҳәаақәа рыҽдырҭбаар, ахырхарҭақәа зегь рыла арахәыцқәа ҳабжьалар, аамҭақәа цацыԥхьаӡа урҭ еиҳа иӷәӷәахар, арепатриациа аусгьы иацхраауеит, еиҳа еиӷьны имҩаԥысуа иалагоит. Аибабароуп зегьы ирыцку, аибабара агәыбылра ацуп.

– Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа иахьынхо ақалақьқәеи, ақыҭақәеи рҟны ирымоуп акультуратә хәышҭаарақәа (адернеқьқәа). Дара рҽазыршәоит раԥсуара, ркультура аныҟәгара, рбызшәа аҵара, аҿар радыԥхьалара. Алина, бара бгәаанагарала, аԥсуа бызшәа аиқәырхаразы ҭагылазаашьас иббои?

– Аԥснынтә уахь абызшәа дырҵаразы арҵаҩцәа рышьҭра – шьаҿак ауп. Аусқәа имҩаԥгоу зегьы рҟны, уи ахатә ҭыԥ аанакылоит. Уа арҵаҩцәа русура иалҵшәаны, аԥсшәа аҳәара иалагаз, аҩышьа, аԥхьашьа зҵаз аҭыԥан инхо ауаа рыла, егьырҭ иааиуа агәыԥқәа иддырҵо изыҟалар, даара ибзиан. Убасҟан, ари аус анҵыра аиуеит ҳәа сгәы иаанагоит. Абызшәа, ҳара ҳабдуцәа рбызшәоуп азы иаҳҵоит мацара акәымкәа,  адиаспора рыбжьара ахатәы бызшәа аус ауа иҟаҵатәуп. 

Аԥсни адиаспореи еидызкылаша, абызшәа ӡырызгаша аусмҩаԥгатә дуқәа аԥҵатәуп ҳәа сгәы иаанагоит. Иаҳҳәозар, алитературатә еицлабрақәа, дара рзы даҽа ҩаӡарак аҭаны, иара Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа алархәны. Алитература сара сахьазааигәоу азакәхап,  ҿырԥшыс иаазгеит, аха абызшәа ухы иахьаурхәаша ахырхарҭақәа рацәоуп, ҳаӡәыкны ҳҟазҵаша, ҳаидызкылаша аусмҩаԥгатәқәа ҳрызхәыцроуп иҵегьы. Убри азы, Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы убри аҩыза аизара мҩаԥнагар ҟалоит, ма аицлабра рыланаҳәар: "Шәааи аҿар, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла апроектқәа ҳадыжәгал" ҳәа. Сара сгәанала, уи ақәҿызҭша рацәаҩхоит. Ахшыҩқәа зегьы анеидкылаха, иарбан усзаалак алҵшәа бзиа маиурц залшом. Аҳәынҭқарра иалнаршо рацәоуп, аха уи мацара азхаӡом. Ҳарҭгьы ҳхы аҭакԥхықәра адаҳҵароуп, ҳара уи ҳҭаххаҵәҟьар ауп.

– Алина, Ҭырқәтәыла инхо быжәлантәқәа Жьиаа рацәаҩуп. Хаҭала шәеибабахьоума, шәеибадыруама?

– Шықәсқәак раԥхьа Ҭырқәтәылаҟа сцон, аҳаирбаӷәазаҿы шьоукы еидгыланы ҭырқә бызшәала ишеицәажәоз слымҳа инҭасит. Сахьрыхәаԥшуаз ҳара иаҳтәыз ак рыдызбалеит, абарҭ аԥсацәазар ҟалап ҳәагьы сгәы инҭысҳәааит. Нас снарыдгылан аԥсыуа бызшәала аԥсшәа расҳәеит.  Даргьы гәырӷьаҵәа аҭак сырҭеит. Иааигәаны ҳанеибадыр, ҳажәлақәа анеибаҳҳәа, еилкаахеит руаӡәк Ажьиба шижәлаз. Даара сгәы иахәеит, ус ажәала аиҭаҳәара уадаҩзар ҟалап ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа рыӡбахә. Ҳара есышықәса ажәла аизара мҩаԥаагоит, "Жьиаа рчара" ҳәа ҳашьҭоуп, Ҭырқәтәылатәи Жьиаагьы рацәаҩны уи рхы аладырхәуеит. Шықәсқәа раԥхьа аизара уа ианыҟазгьы арантә ҳажәлантәқәа рҽеидкыланы ицеит. Иԥшӡаны, ихааны имҩаԥыргеит ачара. Ҭырқәтәыла инхо ҳашьцәа ргәы былуеит, рысасдкылара ҳаракуп. Ҳаԥсуара ныҟәаҳгалароуп, убри ҳаргьы ҳаиқәнархоит. Аамҭа даара ацашьақәа ласуп, адунеи аҽеиҭанакуеит, зегьы рҽырыԥсахуеит ирласны. Ҳхы ҳҭаххароуп, ҳхы ҳашьҭалароуп. Адиаспора убри аус аҿы даара иҳахәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0