Виачеслав Чрыгба: аԥсуаа ҳмилаҭтә хаҿра аԥсуа бызшәада иаҳзеиқәырхаӡом

© AFP 2023 / NATALIA KOLESNIKOVAВиачеслав Чрыгба. Архивтә фото
Виачеслав Чрыгба. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор Виачеслав Чрыгба инарҭбааны дазааҭгылеит аԥсуа бызшәа аҿиара иаԥырхагоу афакторқәеи урҭ излариааитәу амҩақәеи.

Афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор Виачеслав Чрыгба инарҭбааны далацәажәоит аԥсуа бызшәа аҿиара иаԥырхагоу афакторқәеи урҭ излариааитәу амҩақәеи. Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Нонна Ҭхәазԥҳа.

– Виачеслав Андреи-иԥа, шәгәы ишԥаанаго аԥсуа бызшәа иӡуа абызшәақәа ирхыԥхьаӡалоума? Ирхыԥхьаӡалазар, уи аиқәырхаразы иҟаҵатәузеи?

– Ииашаҵәҟьаны, аԥсуа бызшәа ашәарҭа иҭагылоу, иуашәшәыроу абызшәақәа рахь иаҵанакуеит. Абызшәа иалацәажәо рхыԥхьаӡара агхара иаҿызар, абиԥара ҿыцқәа рҿы абызшәа ахархәара еиҵахозар – арҭ зегьы агәҽанызаара узҭаша факторқәоуп. Аԥсуа бызшәа апроблемақәа ирызку сышәҟәаҿы сара сазааҭгылоит Ирландиа ари азҵаара аӡбара шымҩаԥыргоз: уаҟа абызшәа арҿиаразы, ашколқәа рҿы ишахәҭоу азнагаразы аҳәынҭқарратә харџь рацәаӡаны ирышьҭуеит, ачынуаа зегьы аҳәынҭқарратә бызшәала ицәажәаларц ԥҟараны ишьҭыхны ирымоуп. Аха иахьеи-уахеитәи аԥсҭазаараҿы ауааԥсыра дара-дара реицәажәараан аирланд бызшәа рхы иадырхәаӡом, избан акәзар уи хатәы бызшәаны иззынхаз рхыԥхьаӡара 20% иреиҳаӡам. Аԥсны, Анцәа иџьшьаны, ари ахыԥхьаӡара акырӡа еиҳауп: 80% аԥсуаа рхатәы бызшәа бзианы ирдыруеит. Аха, ус шакәугьы, иахьа ҳгәы рҭынчны ҳтәар ҟалаӡом. Ахәыҷбаҳчақәеи, ашколқәеи, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, абизнеси рҟны абызшәа аҭагылазаашьа зеиԥшроу гәаҳҭар – иккаӡа иааԥшуеит апроблемақәа шыҟоу. Аԥсуа бызшәа ихадароу аҭыԥ ацәыӡра ишалагаз уаҳауеит ақалақь амҩадуқәа уанырнылалак, уимоу ақалақьқәа ирзааигәоу ақыҭақәа рҿгьы. Лингвистк иаҳасабала сара исҳәар сылшоит, ари зыхҟьо амзызқәа ируакуп ҳәа абызшәа асоциалтә статус алаҟәра. Уи – абызшәа аԥсра акәымзаргьы, аҿыҵәаара иалагеит ҳәа азуԥхьаӡартә аҟынӡа инанагоит: иара зтәу амилаҭ рҟны абызшәахьы ирымоу аинтерес анмаҷхо, рхәыҷқәа иддырҵар, ирымардар анырҭахымхо. Ари апроцесс аанаҳамкылар, абызшәа иаҳҭахым маругак еиԥш иаҳхашҭыр ҟалоит, еиҳа "имариоу", зфункционал ҭбаау абызшәа аныҟала, уи ахь ҳаиасуазар.

Хаҭала сара сзықәшәахьоу ҿырԥштәык шәзаазгоит. Сыҷкәын дахьныҟәо аԥсуа хәыҷбаҳчаҟны, дызлоу агәыԥ 20-ҩык рҟынтә иара ихаҭагьы дналаҵаны  хҩык роуп аԥсшәа бзианы изҳәо. Ҳәара аҭахума ахәыҷқәа дара-дара урысшәала ацәажәара иалагеит. Ахәыҷбаҳча аусзуҩцәа изласарҳәаз ала, егьырҭ агәыԥқәа рҿгьы ари аҩыза аҭагылазаашьа ыҟоуп.

Абасала, иаҳҳәар ҳалшоит Аҟәа инхо аҭаацәарақәа рҟынтә зхатәы бызшәала ахәыҷқәа ирацәажәо рхыԥхьаӡара маҷуп ҳәа. Ас еиԥш аусқәа рцара ҳауаажәлар аршәароуп, хатәы бызшәада ирааӡо ахәыҷқәа рыхдырреи рмилаҭтә культура иаҵоу ахаара-бзаареи рзымдырӡакәа ицоит. Аха, иџьоушьаша, ажәлар рҟны уи аганахьала хьаа дук ыҟаны иубаӡом. Аинтеллигенциа азҵаара алацәажәара шрыгымгьы. Уи иаанаго абызшәа ачымазара бааԥс ахьхьеит оуп.

Араанӡа ианааҳга, уи шьҭа ирадикалтәу ашьаҿақәа рыла еиқәырхатәуп, аиҳабыра иахәҭоу ахыдҵақәа шьҭырхроуп. Аха аиҳабырагьы иахьа уажәраанӡа шьаҿа ӷәаӷәақәак ҟарҵо иҳамбацт, абызшәа азҵаара уажәыгьы априоритет амаӡам. Ҳҭагылазаашьа даара ишәарҭоуп.

– Абызшәақәа рхархәареи реиқәырхареи рҿы иарбан механизмқәоу ихадоу?

– Абызшәа аиқәырхараҿы ихадоу механизмқәас иҟоуп – уи апрестиж ашьҭыхразы ишьаҭанкылоу, исистематәу аҳәынҭқарратә программа аҟазаара, абызшәа дзырҵо арҵаҩцәа рзы зхаҭабзиара ҳараку аметодикатә цхыраагӡақәа, арҵага шәҟәқәа рҭыжьра, абызшәатә курсқәа реиҿкаара, ахәыҷқәеи адуцәеи рзы. Еиҳаракгьы, ахәыҷқәа зегьы аԥсшәа цқьаны ирҳәо иҟаҵатәуп, ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи ианрылго – рбызшәа аҩаӡара узавамло иҟазарц азы. Уи аҟаҵара ҳалшоит иахьа. Ашколқәа рҿы ԥсышәала изыԥхьо амаҭәарқәа еизырҳатәуп. Амедиа-хархәагақәагьы рнырра даара ирацәоуп. Ателехәаԥшраҿы ԥсышәала иҟоу ахәыҷтәы дырраҭарақәа рхыԥхьаӡара еиҳахароуп, амультфильмқәеи ахәыҷтәы сериалқәеи рацәаӡаны еиҭаҳгалароуп. Уи мацара иаҿу арҿиаратә гәыԥқәа ҳамазароуп. Иаԥаҳҵароуп ԥсышәала иҟоу акомпиутертә хәмаррақәа.

Аԥсуа бызшәазы аԥышәара — ԥышәараҵәҟьаны иҟаҳҵароуп, ишахәҭоу еиԥш рҽазыҟарҵаларазы, иахьа ишыҟоу еиԥш ахьӡазы мацара акәымкәа. Ибзианы иҟаҵоу аӡыргарала аԥсуа бызшәа моданы иҟаҵатәуп аҿар рыбжьара. Аҿар роуп зегь зыцку. Ахәыҷбаҳчахь данца инаркны ауниверситет далгаанӡа абызшәа ицзароуп ауаҩы, уи ада ԥсыхәа имамзароуп –анаҩсгьы. Аԥсуаа ҳмилаҭтә хаҿра аԥсуа бызшәада иаҳзеиқәырхаӡом.

Арҭ еиқәысыԥхьаӡаз зегьы хәҭа хәыҷык оуп иҟарҵо, абызшәазы имҩаԥгатәу аусқәа зегьы ааидкыланы урыхәаԥшуазар. Ахатәы бызшәа арҿиара аус ашьҭыхразы аспециалистцәа ааҳаԥхьар ҟалоит Уельс, Каталониа, Абасктәыла уҳәа рҟынтә. Урҭ атәылақәа рҿы ахатәы бызшәа аӡра апроблема иаиааит, урҭ рбызшәақәа иахьа аҿиара, аизҳара иаҿуп, ахархәара ҭбаа рымоуп. Уи зегьы ауаажәлар рыла ишабоз иҟалеит, урҭ рԥышәа ҳара хымԥада ҳхы иаҳархәароуп. Аԥсуаҭҵааратә институт ҳамоуп, Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ҳамоуп, Аԥсуа университет аус ауеит, Абзшәа аҿиара афонд аус ауеит, ателехәаԥшра, арадио аус руеит, ҳхәыҷбаҳчақәеи ҳашколқәеи ԥсыуоуп, аха зегь акоуп аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа еиӷьхеит ҳәа уҳәаратәы иҟам, еицәахеит хамҳәозар. Ахылаԥшра иаҳҭо азымхозар акәхап. Хыхь еиқәысыԥхьаӡаз аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы иахьынӡахәҭоу абызшәа азҵаара аӡбара апроцесс иалаҳгалароуп. Избан акәзар ари баша милаҭтә проблемаӡам, иҳәынҭқарратәуп.

Ҭамила Арышԥҳа арепатриантцәа аԥсуа бызшәа длырҵоит - Sputnik Аҧсны
Ҳазхымсыз аԥышәара: Ҭамила Арышԥҳа абызшәа арҵара апроблемақәа ирызкны

Иацысҵарц сҭахуп, аԥсуа бызшәа арӷәӷәара иазку апроектқәа зегьы раԥхьаӡа иргыланы милаҭла иаԥсыуаау шракәу иззынархатәу. Насгьы еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны зхатәы бызшәа ззымдыруа ауаагьы рхы ҳаақәсуа ҳхы мҩаԥаҳамгалароуп. Урҭ аҭагылазаашьа иахәхеит, рхара маҷуп. Аха зегь акоуп, аҭакԥхықәра шрыду еилыркаауазароуп. Аԥсшәа уадаҩуп, уаныхәыҷу иумҵар нас аҵара залшом ҳәа ирҳәо иашаӡам. Ҳәарада, абызшәа мариаӡам, аха уаныҩеидаслакгьы икәаԥӡа иуҵартә иҟоуп. Сара издыруеит милаҭла иаԥсыуаам рҟынтәгьы, адиаспора аҟынтәгьы зынӡа аԥсшәа шырмаҳауазгьы шықәсқәак рыла ибзиаӡаны иалацәажәартә еиԥш изҵаз. Ауаҩы иҭаххар, илымшо ҳәа акгьы ыҟаӡам. Ианиҭахымха, егьа ҟауҵаргьы – башоуп.

– Абызшәа хьаҳәра ахьыҟам акәаԥ (точка невозврата) ҳәа изышьҭоу аҿы иҟоуп ҳәа ианбаԥхьаӡоу? Аԥсуа бызшәа уанӡа инеирц акрагума?

– Макьана уи ҳацәыхароуп, Анцәа иџьшьаны. Абызшәа зҳәо рхыԥхьаӡара рацәоуп. Аха иара уеизгьы амаҷхара иаҿуп.  Насгьы зхатәы бызшәа зҳәо аҿар, иара ақыҭақәа рҿгьы, рабацәа раасҭа иԥсыҽны ирдыруеит абызшәа. Ақалақьқәа рҿы аҿар аурыс бызшәа еиҳа еиӷьны ирдыруеит аԥсшәа аасҭа. Ақалақь аҿы ицқьаны ԥсышәала еицәажәо аҿар маҷны иуԥылоит. Ус иҟоу анҳԥылогьы иџьашьаны ҳархьыԥшуеит. Убри ахьџьаҳшьо ауп иџьашьатәу! Аԥсны ҳаҟоуп, аԥсшәа ҳҳәозар нас уи ихымԥадатәиу акы акәны иахәаԥштәӡами? Иахьатәи аҿар ишахәҭоу еиԥш абызшәа рзымдыруазар, урҭ рхәыҷқәа ихаҭәааны изларызнаргои? Убас акәӡами абызшәа аҿыцәаара ишалаго? Даара иуадаҩу аҭагылазаашьа ҳҭагылоуп, ажәакала. Хнырҳәышьа змам акәаԥ аҟынӡа ҳамнеицт, Анцәа иџьшьаны, аха иахьатәи анегативтә тенденциақәа ҳзаанымкылар, урҭ ҳзырҿамгылар, ҩба-хԥа абиԥара рышьҭахь ҳусқәа даара ицәгьахоит.

–Иарбан бызшәазаалак аҿиареи ахархәареи рыла шәарҭара амаӡам ҳәа ианбаԥхьаӡатәу?

– Абызшәа азҵаара хьаас иумкыр ҟалоит уи зтәу амилаҭ аиҳараӡак алацәажәозар, аҭаацәараҿы, аусураҿы, амҩаду аҿы, аџьармыкьеи адәқьанқәеи рҿы уҳәа ахархәара амазар, аҿар ирхатәы бызшәаны иҟазар, уи ала ихәыцуазар. Даҽазнык иазгәасҭоит, иахьа аԥсуа бызшәа хатәы бызшәаны измоу рацәаҩуп, аха рыцҳарас иҟалаз, уи имаҷны рхы иадырхәоит иахьеи-уахеитәи аԥсҭазаараҿы. Иаабац атемақәа урысшәала рылацәажәара еиӷьыршьоит. Убас иҟоу ауаа рхыԥхьаӡара даара ирацәахеит. Ишәылшома урыс бызшәала зыхшыҩҵак аҳәара иашьцылаз ауаҩы аԥсышәала мацара дцәажәо иҟаҵара?  Уи даара ицәыуадаҩхоит, избанзар атәым бызшәала ахәыцра далагахьеит. Убри оуп зегь реиҳа ишәарҭоу. Аԥсшәа идыруеит ҳәа игәы иаанагоит, арахь ииҳәарц ииҭаху зегьы иҿы изарҳәаӡом, ибызшәа изхаӡом, иԥсыҽхахьеит…

–Аԥсуа бызшәа иахьа ахархәара ахьыԥсыҽхаз зхароу иарбан факторқәоу?

– Аԥсуа бызшәа апозициақәа рыԥсыҽхара зыхҟьо афакторқәа ируакуп:  а) илаҟәу асоциалтә статус – аԥсышәала ицәажәо ақыҭа иалҵыз, зҵарадырра ҳаракым аӡә еиԥш ихәаԥшуеит, избан акәзар иахьатәи ҳҵара еиҳарак урысшәалоуп ишеиҿкаау (уигьы проблемоуп). Убри аҟнытә абызшәа астатус иахьынӡауа ишьҭыхтәуп, еиҳарак аҿар, астудентцәа рыбжьара.  б) ақалақьтә ԥсҭазаараҿы аԥсуа бызшәа аидара маҷӡаны иақәуп. Даҽакала иаҳҳәозар, иахьатәи аҭагылазаашьа зеиԥшроу ала, аԥсшәа узымдырӡакәангьы ҭынч унхоит-унҵуеит, аус уур улшоит иара уҭахымхаӡакәа. Абизнес аҿоума, акариера аҟаҵараҿоума џьарамзар-џьара ада ԥсыхәа ыҟамкәа иҟаӡам. Абри аҭагылазаашьоуп иԥсахтәу.

Аԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа

Икосмополиттәу иахьатәи аԥсуа қалақь аԥсшәа аҿиара иаԥырхагоуп, ақалақь иахьа ишыҟоу еиԥш ианыҟала абызшәа ашьуеит. Иҷыдоу апрофессионалтә-занааҭтә,  асоциалтә усбарҭақәа аарттәуп, аԥсуа бызшәа ихадароу аҭыԥ ааннакылартә иахьыҟалаша. Уи ҭҵаарадырратә институтзар ауеит, академиазар ауеит, ашколқәа, ауниверситетқәа, иара убас аҳәынҭқарратә усбарҭақәа. Насгьы шьҭрала ақыҭа иалҵыз ауааԥсыра ақыҭахь ихынҳәыртә еиԥш аԥсуа қыҭақәа шьҭыхтәуп, уаҟа аԥсҭазаара еигьхартә иҟаҵатәуп. Аԥсуа қыҭоуп аԥсшәа хәышҭаарас иамоу. Ус анакәха аԥсуарагьы уа еиқәхоит, адоуҳатә культурагьы уа аԥсы ҭоуп. Аха ус иҟаларазы, ақыҭа аекономика иацхраатәуп, уаҟа азаудқәа афабрикақәа аус рыулароуп, амҩа бзиақәа ылгатәуп, ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи ак рыгымкәа иҟазароуп. Уи зегь ахарџь маҷымкәа иақәырӡтәхоит, аха даҽакала ақыҭа узышьҭыхуам. Ақалақьқәа рҿы мацара аԥсуаа етноск аҳасабала ҳхаҭәааны ҳзеиқәхаӡом. Раԥхьатәи цәыӡс иҳауагьы – абызшәа акәхоит, аҭагылазаашьа анаҳамԥсах.

– Ҳбызшәа асоциалтә статус ашьҭыхразы иҟаҵатәузеи, шәгәанала?

– Аԥсуа бызшәа асоциалтә статус ашьҭыхразы аусмҩаԥгатәқәа комплексла инагӡатәуп. Апарламенти егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи русугатә бызшәаны иҟаҵатәуп. Аусшәҟәымҩаԥгара шынеибаку аԥсшәахь еиҭагатәуп, еиҳарак ақыҭақәа рҿы. Аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа руалафахәы акырынтә ишьҭыхтәуп. Абаҩхатәра змоу абызшәазы аспециалист ҿарацәа рзы астипендиақәа аԥҵатәуп. Аҭҵаарадырратә, аҵараиуратә, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы русура иахьынӡауа ираԥсышәатәуп. Аҳәынҭқарратә маҵурақәа ирхагыларц згәы иҭоу зегьы аԥсуа бызшәазы аԥышәара иахыжьлатәуп.

Ҳара ҳхықәкы – асимметриатә билингвизм аԥҵароуп, ахатәы бызшәеи аурыс бызшәеи рдырреи рсоциалтә ҵакыи ауаажәларраҿы еиҟарахарц азы. Макьана ус иҟоуп ҳазҳәаӡом. Апрограммақәа реиҳарак аҿар ирзынархазароуп. Абарҭ ахырхарҭақәа зегь рыла аус ҳазур, абызшәатә ҭагылазаашьа арҽеира ҳалшоит. Ацәажәарада акгьы ҟаҳамҵар аԥсуа бызшәа азықәԥараҿы ҳаҵахоит… Ихьшәахаанӡа ҳалагароуп.

Сара даҽазныкгьы сышәҟәы шәазхьасырԥшыр сҭахуп. Уаҟа срылацәажәоит абызшәа апроблемақәа рыӡбара иацхраауа аусқәа, ахәшәқәа. Иџьоушьаша, иахьа уажәраанӡагьы аӡәы-ҩыџьа рыда аспециалистцәа уи аганахьала ргәаанагара рҳәо исмаҳацт. Абри атематика хьаас иркымшәоуп ишыҟоу, уи рыцҳароуп, уи иаанаго ҳажәеи ҳуси еиқәшәом ауп. Астол гьежьқәа еиҿаҳкаауеит, ацәажәара ҳалшоит, арахь ажәалагалақәа аныҟалахгьы урҭ ирықәҿаҳҭӡом… Лозунгла ацәажәара ҳашьцылацәеит. Ҳбызшәа ссируп, ибеиоуп, ижәытәӡатәиу аҭоурых иаларсуп, ҳмилаҭ шьагәыҭс иамоуп, уи аиқәырхаразы ҳхы ҳамеигӡароуп. Уи азы иахәҭоу зегь ҳамоуп – ауааԥсыра, аҵарадырра, зегь реиҳа ихадароу – аҳәынҭқарра. Ирацәаӡам амилаҭ маҷқәа зхатә ҳәынҭқарра змоу. Аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аиӷьтәразы ҳара иҳагу акызаҵәык ауп – аполитикатә гәазыҳәара. Уи ада ҳазҿу зегь лыҵшәадахоит. Шәааи нас, ҳхазы ишьақәҳарӷәӷәап ҳхатәы бызшәа аиқәырхара шҳалшо!

Ажәабжьқәа зегьы
0