Амилаҭ рыхдырреи рхатәы бызшәеи ҩныҵҟала еидҳәалазароуп

© Sputnik / Томас Тхайцукаԥсуа бираҟ
аԥсуа бираҟ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәа аҿиараҿы иахьа ицәырҵуа ауадаҩрақәеи иара убас амилаҭ рыхдырреи рхатәы бызшәеи ҩныҵҟала ишеидҳәалоу атәы Sputnik аматериал аҟны.

Sputnik

Аԥсуа жәлар адунеи иануижьҭеи аԥсшәа ахархәараҿы иахьа ицәырҵуа ауадаҩрақәа реиԥш ахаангьы иҟамлацызт ҳҳәар ҳалшоит. Ииашоуп, ҳадгьыл аҿы есымшагьы атәымуаа аанагон. Ирацәан еиуеиԥшым аимпериақәа Аԥсны анрыҿцаауаз. Иҟан атәым бызшәа рацәаны иануаҳауазгьы, аха усҟантәи аамҭақәа рзы атәым бызшәақәа рымҽхак уи аҟара ирзырҭбаауамызт.

Аза Шамԥҳа - Sputnik Аҧсны
Ахатәы бызшәа агьама амч ӷәӷәоуп

Аԥсны аҳәаақәа иахьаҵкыс акыр иҭбаан. Аԥсуа жәлар рхыԥхьаӡара хынтә-ԥшьынтә еиҳан. Насгьы ажәлар реиҳараҩык ақыҭақәа рҿы инхон, еицәажәага бызшәас есымшагьы ирымаз аԥсшәа акәын. Атәым бызшәақәа амшын аԥшаҳәаҟны ахәаахәҭратә усқәа ракәын изыдҳәалаз. Ҳәарада, урҭ ҳбызшәа ианыруан, аха аԥсшәа шыҟаз иаанхон. 

Иахьа Аԥсны аҳра зуа атәым бызшәа атәы даҽакуп. Уи ирҵауланы аԥсуаа ирылаҽуа иалагеит. Ҳақалақьқәа рҿы изызҳауа ахәыҷқәа ишилак инаркны иарала ирацәажәо иалагоит. Аԥсшәа ақыҭақәа рҿы еицәажәагатә бызшәас иаанхеит акәымзар, ҳҳәынҭқарра аҩныҵҟа ҳажәлар рымаҵ зларуа даҽа бызшәоуп. Уи абызшәа амҽхак даара иарҭбааит, ҳбызшәа иагәҭасуама ҳҳәо аҟынӡа инеирц акгьы агӡам. Ара ауаҩы дыззааҭгылаша рацәоуп.

Аԥсуа жәлар рмилаҭтә хдырра иагәыцәу аԥсуа бызшәа ахархәараҿы иахьа иҳамоу ауадаҩрақәа рылҵразы аԥшқа данилак агарашәа инаркны иалагатәуп. Афатә, ашәҵатәы, афольклор, амифологиа, акультура, аҵара зегьы аԥсшәа рышьаҭазароуп, аԥсуа цәа рыҟәнызароуп. Иеиҵагыло абиԥарақәа абарҭқәа зегьы аԥсышәала, ҳҳәынҭқарратә бызшәала ирызнаҳгозароуп. Иахьа ишцо ҳандәықәла, атәым культура ҳиааиуеит, иҳазгәамҭаӡакәа ҳаанахәоит, атәым бызшәа ҳаҵанарӡуеит.

Ҵаҟа ишәыдаагалоит абызшәеи амилаҭтә дунеихәаԥшышьеи шеидҳәалоу атәы даазҭгыланы аҵарауаҩ, Аԥсны ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа ииҳәаз:

"Амилаҭ рдоуҳаи, рыԥсихологиеи, рбызшәеи – еилыхшьа змам, ишьҭибахуа, дара-дара ҩныҵҟала еидҳәалоу проблемақәоуп. Вильгельм фон Гумбольдт ҳәа дыҟан аҵарауаҩ ду XVIII-тәи ашәышықәсазы, уи еиҳаны абызшәа аԥсихологиа иазку аусумҭа ду аӡәгьы имыҩӡацт. Ажәлар ринтеллектуалтә лшарақәа ирыхәҭакуп абызшәеи адоуҳатә мчи ҳәа иҩуан Гумбольдт, еилаҵәаны иаԥырҵо анырра ду иҟарҵогьы убри ауп изызҳәоу. Амилаҭ рбызшәатә хдырра, ажәлар рбызшәатә дунеихәаԥшра – абарҭ атерминқәагьы иара иоуп иалазгалаз.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҵарауаҩ Владимир Занҭариа
Амилаҭ рыхдырреи рхатәы бызшәеи ҩныҵҟала еидҳәалазароуп - Sputnik Аҧсны
Аҵарауаҩ Владимир Занҭариа

 

Абарҭ аилкаарақәа даара акыр рыҵаркуеит ҳара ҳзыҳәангьы, избанзар, ҳаԥсуа милаҭ рдунеихәаԥшра, рсахьаркыратә, ретикатә, рестетикатә дунеихәаԥшышьақәа – абарҭ зегь зырҿио абызшәоуп.

Амилаҭтә дунеихәаԥшра абызшәада изыҿиаӡом. Абызшәа амч, абызшәа анырра, ицәыргам, еилкаашьа змам, иҵаулаӡоу, зқьышықәсала зымаӡақәа реилкаара уадаҩу абызшәа анырреи амчи ҟамлакәа, амилаҭ рдунеихәаԥшышьа ҟалашьа амаӡам.  Амилаҭ рыԥсихологиагьы злашьақәгылоу абызшәалоуп.

Ҳара иахьа иаабо хыхь-хьыхлатәи аҽыҭқәа роуп, аха ҵаҟатәи ҩныҵҟатәи ҳазлеибарку, гәынхәҵысҭалатәи ауаҩы идунеи зырҿио абызшәоуп, ишьа иалоуп, ида иалоуп. Абызшәа – ауаҩы ишьа-ида аус ахьыруа иаргьы убра аус ауеит, џьара аҽцәырганы, џьара аҽцәырымгаӡакәа.

Тамара Платоновна Шакрыл. - Sputnik Аҧсны
Лили Ҳагԥҳа: Ҭамара Шьаҟрыл лзы Аԥсны аинтересқәа иреиҳаз егь ыҟамызт

Ҭамара Шьаҟрыл-ԥҳа ԥсаҭа бзиа илҳәалон ажәытәтәи абырзен бызшәа иаҵаз алогика еилукаарц уҭахызар, аԥсуа бызшәа алогика удыруазар ауп ҳәа, аматематикатә логика апринципқәа рыла дазнеиуеит. Цқьа инагӡаны аарԥшыха лмоузаргьы, лусумҭақәа иаҳдырбоит макьана ҳбызшәа злаҭҵаам ахырхарҭақәа шырацәоу. Убри аҟнытә амилаҭ ԥсихологиеи, адоуҳаи, адунеихәаԥшреи инагӡаны, ихаҭәааны ҿиашьа рымаӡам, абызшәа амаӡақәа ҭаҳамҵаакәа. Убри аганахьала еиҭа иаҳҳәаша даара рацәоуп. 

Ҳаԥсуа жәлар рашәақәа ҳарзыӡырҩып, шәышықәсала иааиуа. "Ахәрашәа", "Ахрашәа", "Смыр Гәдиса иашәа" уҳәа, егьырҭ. Измыӡи шәышықәсала убарҭ ашақәа, адунеи здыршанхои, издыргачамкуеи? Германиоума, Иапониоума абызшәа раҳаӡом, аха ахыуҳәа иаргылоит. Избанзар, ажәлар рдоуҳамч абызшәалоуп излааиуа. Абызшәа мыҿиазҭгьы, ашәа ахала изҿиаӡомызт. Аԥхьа убра иит. Сгәанала, ари изызхьаԥштәу, ҳаԥхьаҟа инарҵауланы иҭҵаатәу зҵаароуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0