Ирҳәоит аԥсуаа ауаҩы дыԥҵәазар деиԥызшьуа ауаа ҳаман ҳәа

Абхазская семья. Фотогравюра.
Абхазская семья. Фотогравюра. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәытәан аԥсуаа ацәгьаурақәа аныҟалалак, ажәлар рыҩнуҵҟа иҟаз аусӡбаҩцәа рыла ирыӡбон. Аусӡбара, аинраала иацыз аԥҟарақәа Sputnik аматериал аҟны.

Sputnik

Ажәлар рынхара есымшагьы ацәгьауреи абзиа аҟаҵареи ацуп. Ажәытәантәи аамҭақәа рзы аԥсуаа изланхоз рыуаажәлар рҿы ацәгьара ҟалар – раԥхьаӡа ажәлар рыҩнуҵҟа ахьӡ-аԥша змоу, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәо, зажәа акралнадо аҭаҳмадацәа аус иадыргалон. Ақыҭаҿы уаҩшьрак ҟалар ааигәа – иҟоу, хара иҟоу ақыҭақәа рҟынтәи зажәа ылнадоз аиҳабацәа адыргалон.

Аус иақәшәоз ауаҩы иҟынтәи аамҭа рҭаххон. Нас ашьра ахьыҟалаз ажәлантәқәа рҟынтәи ахәдықәҵа (гарант) дырҭаххон. Ахәдықәҵацәа рыманы џьара еизон. Аус иақәшәаз рус шыҟалаз еилыркаауан. Ахара зтәуи еилыркаауан. Уи ашьҭахь еизаз аус зыӡбо ахәдықәҵацәагьы рыманы ахәра, ма ашьра ҟазҵаз иҩнаҿы итәон. Урҭгьы ишыҟалаз ишанылаз дара рҟынтәигьы еилыркаауан. Уи ашьҭахь аизарҭаҿы еизон еилацәажәон. Уажәы аԥхьа ари иеиԥшны иҟалахьоу аусқәа анырӡбоз иакәымкәаны иҟалаз, иҽеины ирӡбаз уҳәа зегьы ирылацәажәон. Иахьа ирыӡбаны уаҵәы ибгартә еиԥш акәымкәа аус аӡбара иалагон. Абас аус аӡбаразын еилатәоу зегьы акы иазаааиуан.

Арҭ аусӡбацәа иреиҳабыз дара рҟынтәи аӡә дрыман. Уи иара ихаҭа, мамзаргьы иалихуа аӡәы дықәгыланы аус шырӡбаз ауаа ираиҳәон. Ианеиҭеиҳәо ари ирӡбаз аус еиԥш иҟалахьоу аҿырԥштәқәа ааганы иреиҳәон. Анаҩыс, ахәдықәҵацәа алархәны иқәырҵаз иарҳәон. Ашьра ҟалазар – иршьыз акгьы ихараӡамкәа иҟалаз усзар ауаҩшьра ҟазҵаз ауаҩы дызхаҭарнакыз ажәла ақыҭа иалырцон. Ашьра ҟазҵазгьы, ахара рыманы иршьызгьы акы рхараны иҟазар ирзеиҩыршон ақыҭаҿынтәи ақәцара аламҵакәа, усҟан аӡәгьы дҭырцаӡомызт. Ауаҩшьра ахьыҟалаз ажәлантәқәагьы ашьаура иашьҭамло аус  ҿарҳәон. Абас аӡбаҩцәа ианырӡбалак уи иахаҵгылаз, издызымкылаз дҟалар ажәлар дрыладыргылаӡомызт, иахьакәзалакь џьара дзымнеиуа ипату ԥсыҽхон.

Архивтә фотосахьа. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуара – идоуҳатә кодекс дуны аԥсуаа иҳамоуп

Ашьа зқәызи ашьа здызи реинраалараҿы ашьа зқәыз инапы ҿаҳәаны, ашьа здыз рҿы дааргон. Дахьааргоз уи инапы аныԥдыртлалакь ашьҭахь ишьа иурц далагар ижәлар рҿаԥхьа хыларҟәрахон, патударахон. Убри азыҳәан уи аламала аӡәгьы изыҟаҵаӡомызт. Аха аусӡбацәа уигьы азханы ирбаӡомызт даҽакгьы ҟарҵон. Ашьа здыз рҿынтәи ҷкәынак даашьҭыхны, ашьа зқәыз рҿы ицаны ҭакәажәык лгәыҳәԥы дадырцҳауан. Уажәы нахыс ахш ҳабжьоуп ҳәа иԥхьаӡахон, уи аӷрагыларагьы ҟалаӡомызт, ихьмыӡӷын. Убри азын аусӡбараҿы абригьы алан. Реиҳа иуадаҩӡаны иҟоу аусӡбараҿы уигьы азмырхакәа – аҩжәлак рҟынтәи сабик-сабик еиҭнырыԥсахлон. Уинахыс арҭ аҩжәлак еишьцәахеит ҳәа иԥхьаӡан. Ашьҭахь игылоз арԥарцәа иакәым акы аԥшьрымгарц, аиӷара ҳабжьоуп ҳәа ашьоура иаламгарц азын аибааӡара рыбжьарҵон. Аинраалацәа аӡәы дҭакуа даҽаӡәы дышьуа акәымкәа аҩжәлантәык еиндраалон. Абас ала аиҳабацәа аус анырӡбалакь, ианеиндраалалакь уи аилагара ҟалашьа амаӡамызт. Иеилазгозгьы ажәлар дрылырцон, дрыладыргыломызт.

Ирҳәоит аԥсуаа ауаҩы дыԥҵәазар деиԥызшьуа ауаа ҳаман ҳәа

Ианеиқәдыршәо ацәгьара ахьыҟалаз аҩганкгьы ахара рымазар, усҟан ақыҭа иалырцаӡом, арҭ еинҳарнаалароуп рҳәоит еиндырнаалоит. Хәра хәыҷык ҟалазар, еисрак аҟны лабаҟьарак ҟалазар, алаба зҟьаз ахәра ҟазҵаз иҩны ицоит аиҳабацәа ахара иақәшәаз иҷкәын, иашьа иԥа, иаҳәшьаԥа уҳәа аӡәы далхны дрыманы ицоит. Иашҭа ианҭалалак ирыдыркылоит аԥшәмацәа рхәы дырхиоит, ашьтәа рзыршьуеит. Абас еиԥш иҟоу аинраалараҿы ахара змоу рыхьӡала ирыцу аҷкәын ахыбжа имҵарҵаӡом, ари аҩыза аишәаҿы амахеи (аԥылгыди), агәаҵәеи роуп иааиуа. Ахы заарымгазеи ҳәаны гәыбӷан ҟарҵар ҟалаӡом. Ахара зду рахьынтәи иааиз инапқәа ҿаҳәаны аиҳабацәа раԥхьа дааргоит. Ахара иақәшәаз иреиҳабны иҟоу инапы ԥиртуеит. Уи инапы аныԥиртлакь ашьҭахьы реинраала уаҟа аҵыхәа ԥҵәеит. Ианеинаалалак ашьҭахь ахара иақәшәаз рахьынтәи аҷкәын дааргоит уигьы акьарахә, асааҭ, ашәҵатәы аҟынтәи ахҭарԥа егьи уҳәа акы ирҭоит. Уи анаҩыс ахара ҟазҵаз уахь дыргоит, убригьы дара рҿы ддырсасуеит абасала еинышәоит.

Абас еиԥш иҟаз аинрааларақәа ирыбзоураны аԥсуаа шәышықәсала иаԥдырҟәҟәаауан даараӡа ирацәаны ацәгьурақәа, аиӷарақәа, ауаҩшьрақәа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0