Аҽыбӷаҟаза: аԥсуа данҽыжәло иарма шьапы ашькыл икылданы, арыӷьала ауп аҽы дшақәтәо

© Sputnik / Томас ТхайцукАҽырыҩра
Аҽырыҩра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҽыжәлара, аҽықәтәара, аҽыбӷаҟазара, аҽырхәмаррақәа, аҽырҩрақәа ҳкультура иахәҭаку қьабызқәоуп. Аҽыжәлареи аҽықәтәареи рҵасқәа дрылацәажәоит Sputnik аналитик Нонна Ҭхәазԥҳа дзыҿцәажәаз аҽыбӷаҟаза Виктор Ҳаразиа.

Аҽықәтәара ҟазара дуны излаз аԥсуа еицҽыжәланы џьара ианцоз аиҳабацәа аԥхьа игылан, аха ашәарҭара ҟалар аиҵбацәа аԥхьаҟа ииасуан. Аԥсуаа рыԥсҭазаараҿы даараӡа пату ду ақәуп аҽы. Ажәлар рыҩныҵҟа аҽы ауаҩы ишьа алоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. 

Аҽи аԥсуааи жәытә аахыс ишеидҳәалоу атәы рныԥшуеит ажәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа, аҵан ирыхҳәаау ажәабыжьқәа, Нарҭаа репос. Арҭ зегьы рҿы ирацәоуп аԥсуаа аҽы рацәа — ауахьад шныҟәргоз атәы ахьаҳәоу. Нарҭаа ражәабыжьқәа рҿы ишазгәаҭоу ала раԥхьаӡа абна ҽы зыбжьаз Сасрыҟәа иоуп.

© Фото : Нонна ҬхәазԥҳаВиктор Ҳаразиа
Виктор Ҳаразиа - Sputnik Аҧсны
Виктор Ҳаразиа

Ажәакала аҽы аԥсуа иԥсҭазаара, ибзазара зкьышыкәсала иадҳәалоуп. Аҽныҟәгара иахылҵыз атрадициақәагьы рацәоуп; аҽыаӡаара, аҽҟазара, аҽыбӷаҟазара, аҽықәтәара, аҽырыхәмаррақәа, ҽыла аицлабрақәа, аҽыжәлара, аҽырҩра. Иахьагьы иҟоуп аҽыаӡаареи аҽықәтәареи ирызҟазоу ауаа. Аҽҟазеи аҽыбӷаҟазеи аӡәы ракәӡам иҳәоит аҽыбӷаҟаза Виктор Ҳаразиа.

Ашәарыцара - Sputnik Аҧсны
Ашәарыцаратә бызшәа амаӡақәа

"Аҽҟаза ҳәа изышьҭоу аҽы дақәымтәозаргьы ауеит. Аҽҟаза аҽы бзианы изааӡо, аҽы иагу здыруа, иаҭатәу афатә здыруа, ачымазарақәа зхәышәтәуа, ашьапы зчаԥо, аҽыеимаа ҟазҵо, аҽҵәымыӷ ҟазҵо иоуп. Аҽҟаза — аҽы адәы иахьықәу акәзаргьы дахәаԥшыр иалҵуа идыруеит. Аҽҟаза аҽхьаақәа зегьы ихәышәтәуеит.

Аҽы иақәнаго идыруеит аидара ақәуҵозар шаҟа шьҭнахуа идыруеит. Иҩуазаргьы, иахьынӡыҩуа идыруеит, иԥозаргьы ишыԥо идыруеит. Абри зегьы дақәтәаны акәӡам, дахәаԥшны идыруеит. Уи дахәаԥшны идырырц азын аԥстәқәа зегьы ишрымоу еиԥш аҽгьы иамоуп ашьана. Уи аԥынҵаҿы икылҵәоуп, ма ахәдаҿы арҳәқәа амоуп, ма ашьапала, ирацәоуп ауаҩы излеидырша иҷыдоу абаҩ злоу аҽы. Абарҭ зегьы аҽҟаза идыруазароуп. 

Аԥсуаа жәытә-натә ахыс иҽыбӷаҟазацәа дуқәан. Иҟан рыԥсҭазаара иаласаз аҽы ада-шьаҿа анырызыҟамҵозгьы. Иахьцозаалак ныҟәараоума, сасраоума, хьыӡрацараоума, еибашьраоума, ацәгеи абзиеи роума, еизароума, шьхоума, бноума иарала ицон. Ирацәаны иҿиеит аҽықәтәареи аҽыжәлареи ирыдҳәалоу аҵасқәа.

Сасра ианцоз ҽыла амҩа иқәлон. Аҽыжәлараан асаси қәрала еиҳабуи рҽқәа аиҵбацәа ирзыркәадыруан. Сасра иҟоу ауаа анцоз рыҽқәа рҿы аҩнахьы ирханы иҽыжәлон. Ажәытәан сасра ицаны ианаангылоз аамҭақәа рзын, асас данцоз иҽы аҿы агәашә ахь ирханы дҽыжәлазар исасраҿы акы игәамԥхаӡеит ҳәа аанагон, уи аԥшәмацәа рзыҳәан иԥхашьаран ҳәарада", — ҳәа азгәеиҭеит Виктор Ҳаразиа.

Аҽыжәлараан ашькылкра аԥсуала патуқәҵароуп. Асас дызҭоу ауаа иара дандәықәло иҽы кәадырны, ирхианы иааргоит. Данҽыжәло ишькыл зкуа аҽы арӷьарахьала давагылоит, иарӷьа напала иааникылоит ашькыл. Ашькыл зкуа ԥыҭҩык ыҟазар еихабацәоу аҽы аӷәра ркуеит, еиҵбацәоу аԥындақәа, амгәырххақәа.

Иҽыжәырцо дбыргзар икәадыр амахагьы илаханы иааныркылоит, дахьҽыжәло аганахьала аӡәы дҩаиханы дҽыжәиҵаргьы ҟалоит. Аҽыжәҵраангьы аҽыуаҩ иԥыланы дҽыжәырхуеит. Аҽхарԥарҭақәа аныҟаз аҽы аӷәра аҽхарԥарҭа иахадыршәуан. Нарҭаагьы рашҭа иқәгылан аҽхарԥарҭа. Шәрашьк здырҳәалоз аихатәы. Шәмахәҭак змаз еиларҭәа. Аԥсуаа рҽыжәлашьа егьырҭ ажәларқәа рҽыжәлашьа излеиԥшқәамгьы ыҟоуп, ҳәа иҳәоит Виктор Ҳаразиа.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Егьырҭ ирыламҩашьо аԥсуа культура

"Аԥсуаа рҿы аԥҳәыс дзықәтәоз акәадыри ахаҵа дзыкәтәоз акәадыри еиԥшӡам. Аҳәса рзыҳәан иӡбаз акәадыр абахәыр ҳәа иашьҭан. Абахәыр аԥхьа ҩ-махәык амоуп. Аԥҳәыс, ма аԥҳәызба лызшьапык ауп ашькыл иҭагылоу егьи лшьапы ус ихшьны дакәтәоит. Ахацәа ркәадыр ҩ-махак амоуп аԥхьеи ашьҭахьи. Аҳәса рбахәыр ус иахьыҟоу зыдҳәалоу – дара ргәабзиара ахьчароуп.

Ахацәа џьара ианцоз иҟалон раҳәшьцәа анрыццоз, рхатәы ҩызцәа анрыццоз. Амала иахьнеиша ианнеилак ахацәеи аҳәсеи еилагыланы ашҭа иҭалар иԥхашьароуп ҳәа иԥхьаӡан. Раԥхьа аҳәса ҭарыжьлон. Ирышьҭагыланы ахацәа неиуан.

Аԥсуа данҽыжәлоз есымша иарма шьапы ашькыл икылакны, иарӷьа шьапы ахганы акәын аҽы дшақәтәоз. Ԥхашьаран иарӷьа шьапы ашькыл икылганы аҽы дақәтәар. Уи рымоуп аурысқәа, ақырҭцәа, агырцәа. Аха аԥсуа иҽықәтәашьа хазыуп. Аԥсуа аҽы дладгылан, аӷәра лахаршәны иарма шьапы ашькыл илкылакны дҩаԥаны акәадыр дақәтәон. 

Аԥҳәызба абахәыр данақәдыртәоз — лашьа аиҵбы длыцзар инацәкьарақәа ааимакны лызшьапык ала дланыргылан, дхагалан дақәиртәон. Мамзаргьы еицыз иреиҵбыз идырҵон аҳәса рхылаԥшра, аҽы рақәыртәара, рҽыжәхра. Уи ритуал дуӡӡан.

Аԥсуаа аӡәырҩы ажәларқәа реиԥш иҽыжәлоит, иагьҽыжәҵуеит аҽы арӷьарахьала. Излаҽыжәло аҽы армарахьтәи аган алоуп, аха еиҳа иахьыманшәалоу азы "арӷьара" ҳәа иашьҭоуп. Арыӷьала аҽыжәлара ҟарҵом, иԥхашьароуп. Уи "арымала" ҳәа иашьҭоуп.

Абхазская семья. Фотогравюра. - Sputnik Аҧсны
Ирҳәоит аԥсуаа ауаҩы дыԥҵәазар деиԥызшьуа ауаа ҳаман ҳәа

Иҽыжәырҵо ауаҩы, данҽыжәло аиҳабы ишькыл зкуа аиҵбаҵәа дрыҳәоит иоурыжьразы, акыр ирыдицалоит. Амаҳә иабхәараа рганахьала аӡәгьы ашькыл ркыр иуамызт, ус иаԥымызт. Аҷкәын қәыԥш аиҳабацәа дҽыжәырҵар иуӡомызт. Убас ишыҟазгьы, аԥсыуала иҽыжәло ишькыл аӡәы икызар ахәҭан. Асас дҷкәынзаргьы ԥыҭк зхыҵуа дҽыжәырҵаргьы ҟалон. 

Ауаҩы данҽыжәло, иарма шьапы ашькыл икылганы, иарма напала акәадыр аԥхьатәи амаха ааникылоит. Данҽыжәлаҵәҟьо, иҟамчы еиҩырҿаны излеику иарӷьа напы аҽы ахәда инықәрсшәа иуеит, нас иҟамчхәала икәымжәы аҿацә икәадыррҭа иманшәаланы иаҵаиҵоит. Дҽыжәызҵаз иҭабуп ҳәа раиҳәоит. Қәрала еиҵбу абарҭ руакы реиҳәоит "Рахәымш анышәҵааит!", "Ҽымш шәоуааит!", "Шәеиҳа зымчу шәышькыл икааит!", "Шәаҵкыс зылшо шәымаҵ иуааит!". Данцаҵәҟьо — "Абзиараз уаҩы дааилааит!", мамзаргьы "Шәымш аабзиахааит!", ҳәа дҽыжәызҵаз инараҳәаны ашҭа дҭыҵуан", — ҳәа иҳәеит аҽыбӷаҟаза.

Аҽықәтәара ҟазара дуны излаз аԥсуаа џьара ианцоз еицҽыжәлон. Еицҽыжәлан ианцоз аиҳабацәа аԥхьа игылон. Аха ашәарҭара ҟалар аиҵбацәа аԥхьаҟа ииасуан. Зехьынџьара еиԥш аҽықәтәараҿгьы еиҳабы-еиҵбыла апатуқәҵара ыҟан. 

Ауацәа, аҭаацәа, агәылацәа, аиқәлацәа еицҽыжәланы ацәгьеи абзиеи рахь ицон. Ауаҩы дахьынхо ацәгьараз имҩахыҵызи, абзиаразы имҩахыҵызи рхымҩапгашьала ирдыруан. Ашәаџьҳәаҩы дҽыжәҵӡомызт. Ачара зҳәоз дҽыжәҵуан.

Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Иахьа иаҳцәыӡуа ҳазлагаз аҭаацәаара аԥҵара атрадициақәа

Аҭаца данааргоз аҭацаагацәа ҽыла ицон. Урҭ рхыԥхьаӡара жәаҩык-жәохәҩык рҟынӡа ианнеиуаз ыҟан. Дара аиҳабы раԥхьа дгылан есымша. Аҭацаагацәа аҭаца дызлааргоз аҽы аԥҳәыс кәадыр ақәҵаны ирывакны иргон. Дара аҩны ианацәыхарахалак аҭацаагарашәа ҳәо рымҩа иацырҵон. Аҭаца дандәылыргалак аҭацаагага аҽы дақәдыртәон. Наҟ-ааҟ аҭыԥҳацәа лывагылон, урҭ арԥарацәа нарывагыланы дрыманы рҿаархон. Аҩны ианазааигәахалак "Радеда" ҳәо аҭаца дрыманы иаауан.

Аԥсуа чара агәырӷьара, алахҿыхра, ашәаҳәара, акәашара рацәаны иацын. Ачараҿы имҩаԥыргон ахәмаррақәа, аицлабрақәа, аҽырҩрақәа, аџьмацәа амҵарсра, абазшьҭыхра, ԥсуаҵас аҽырхәмарра уҳәа ирацәаны. Иҟан ҽыла амардуан ихалан аҭаца дызбоз. Еиҳарак аҽырхәмаррақәа аныҟарҵоз ачара аилгамҭахь инеиуа ианалагалак акәын. Урҭ ачара иахәҭакын.

Аҽыбӷаҟаза бзиа еилаҳәашьалагьы дрылукаауазароуп. Уи хымԥада аԥсуа амаҭәа ишәызароуп, ихы хтымзароуп. Ахылԥарч, ма ахҭырԥа бзиа ырқьақьаны, еиларшәны ихаиҵоит. Иеимаа иеимсы, ма изиацк зегьы еинаалазароуп. Аҽырыхәмаррақәа, аҽырҩрақәа раан икәымжәы аҿацәқәа икәадырырҭа иаҵымшәароуп.

Ианҽыжәлоз рыҽшеиларҳәоз даналацәажәоз Виктор Ҳаразиа абас иҳәеит. 

"Аҽыжәларзын акәымжәи акабеи еиҳа иааркьаҿны ирӡахуан. Иҽыжәлоз ауаҩы ауапеи ахҭарԥеи рыда ԥсыхәа имаӡамызт. Иара убас, аҽыжәлара ианаалон ахылԥарч. Ахҭырԥа аххьа хын. Ҩынтәны ирқьақьаны, еиларшәны ирхарҵон. Аԥсуаа аԥсуа маҭәа зехьынџьара иршәырҵон. Иарада аҽы иақәтәаӡомызт. Аҽыбӷаҟаза, аҽы иақтәоз ираӡны маҟа, иҟама, иаҳәа деилфаҷа деилаҳәазар акәын. Иҽы аҽԥырхха, аҵыхәҵад иҟамчы деиқәышәшәа дыҟазар ахәҭан", — иҳәеит аҽыбӷаҟаза.

Аҽықәтәара, аҽыжәлара, аҽыбӷаҟазара, аҽырхәмаррақәа, аҽырҩрақәа арҭ зегьы ҳкультура иаласоу, еихазҳауа қьабзқәоуп. Дара идырԥшӡон ҳныҳәақәа, ҳацәгьа, ҳабзиа, ҳгәырӷьарақәа. Иахьала ауаа ирхашҭхьоу ыҟазаргьы, иеиқәханы иҟоугьы маҷым. Шаҟа урҭ ҳрызхьаԥшуа, ҳаԥсҭазаараҿы ҳхы иаҳархәо аҟара еизҳауеит, иеиҵыҵиет ҳдауҳатә беиарақәеи, ҳмилаҭтә традициақәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0