"Ҷфу", "ҷфу", "ҷфу": аҭәҳәақәа рыгәра шызгаз

© Sputnik / Евгения Новоженина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКрещение в Богородицком Житенном женском монастыре в Осташкове
Крещение в Богородицком Житенном женском монастыре в Осташкове - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭәҳәақәа, аныҳәарақәа, аԥсуаа ҳмилаҭтә культура иахәҭаку ак акәны иҟоуп. Иара иахьагьы уи агәра зго, иацныҟоу рацәаҩуп. Ахәышәтәырҭақәеи ахәшәқәеи шырацәоугьы, ауаа аԥсуала аҽыхәшәтәра ианашьҭалогьы убап. Избан? Уи азҵаара аҭак доусы иара ихазы иҟаицоит.

Sputnik, Альбина Жьиԥҳа

Саныхәыҷыз исгәалашәоит Мгәыӡырхәа ҳаҩнаҭахьы лассы-лассы ауаа ҳҭаауан, санду илацәажәон, нас хазы игоу ауадахь ицаны акыраамҭа уа ирхыргон. Иҟарҵоз уа, убри хәыцырҭас еснагь исыман. Иаауан ахьаа змаз, амашәыр зыхьны иблыз, иҳәазо (ажәа "амаҭ" уҳәар ҟаломызт) зыцҳаз, уҳәа ичмазаҩыз, агәаҟра иақәшәаз зегьы. Дара анцоз санду дныҳәаны, илеихырхәаны, иҭабуп ҳәа ларҳәон. Лара ишылҟазшьаз еиԥш ллабашьа лҽанҵаны, дааԥышәарччон.

Асаби - Sputnik Аҧсны
Анра анасыԥ: ахшара дызмауа аԥҳәыс лыцхраара иадҳәалоу ақьабзқәа

Ҽнак зны, еснагь иахьысҭахыз ауадахь саргьы снанагеит, сан "абри ак лыхьны дыҟоуп" ҳәа шылҳәоз сгәалашәоит. Санду снаган ауада акәынсҭхә аҿы игылаз акаруаҭ снықәлареит, схәыҷымзи, аччара салагеит.

Снапқәа сганаҿы инасывалҵан, ак аҳәара дналагеит. Даара "сыҽсырххеит", аха уаҳа умԥсит- илҳәаз сзеилмыргеит. Аҵыхәтәаны "ҷфу", "ҷфу", "ҷфу" ҳәа ҳәаны сыҭәҳәара далагеит, ирҽны илкыз агазеҭ бӷьыц аасыкәыршо. Анаҩс сханы игылаз аӡы зҭаз аҵәца аашьҭыхны еиҭах исзеилмыргоз ажәақәа аҳәара дналагеит. "Ҷфу", "ҷфу", "ҷфу" ҳәа иаахыркәшан "ижә" ҳәа инасыдылгалеит. Имӡакәа исҳәоит, иаасцәымыӷхеит, аӡы ажәра бзиа изласымбо ала, ҵәыцак аазна — са сзы, ԥсрак иаҩызан. Зегь бжәыроуп ҳәа насаҳәаны, илымӷаз аԥыраҳәа аџьыба ахьыҟаз днасит, асԥычка абжьы анаага, ллаба аашьҭхны дындәылҵит. Нас еилыскааит лара илкыз ақьаад абылра дышцаз. Ашьҭахь дааины абарҵаҿы игылаз амҿтәы каруаҭ днықәтәеит.

Санду бзиа илбон уа атәара, данааԥсалакгьы днықәиалон. Абарҵа аҟнытә ашҭа зегьы лаԥшыла еимудар алшон, сасык агәараҭа дааҭалозаргьы, дубон. Уа дыштәаз аҿырҳасра далагон, шаҟа аамҭа дҿырҳасуаз аҟара еилукаауан, дзыҭәҳәаз ауаҩы алаԥш цәгьа шимаз.

Абас еиԥш раԥхьаӡа акәны санду дсыҭәҳәеит, уи ашьҭахь "исыхьны иҟаз" ицоу имцоу сыздыруам, аха илҳәоз ажәақәа сҵарц сҭаххеит. Лассы-лассы иласҳәалон илдыруа амаӡақәа зегьы сзаалыртырц, Лара ҭакс дааԥышәарччон.

Исыздыруам санду Нуниа Кьылԥҳа аҭәҳәақәеи, аныҳәарақәеи еиуеиԥшым азгәаҭарақәеи ахьынтәиаалгаз, илзырҵаз. Аха саб еиҭеиҳәоны исаҳахьан ирацәаны ахҭысқәа, ацхыраара иаҳәарцаз илзаауаз ирызкны.

Абиԥарала еиқәырханы иаагоу ацаныҳәа - Sputnik Аҧсны
Ажәытә ҵасқәа иреиуоу ацуныҳәа иахьагьы еиқәырхоуп

Ус ҽнак зны араса амаҵә кны ашҭа ауаҩы дааҭалеит, иара жәакгьы мҳәакәа, санду лаԥхьа иикыз ааган инышьҭаиҵеит. Уи иаанагозгьы, аӡәы амаҭ ицҳаит акәын. Ларгьы ҿымҭкәа дцаны ашҳам ахәшә ыҵхны, аӡхьамԥш аҟны еиҵаҵаны иааиз илыржәит, уи анаҩс амаҭ зыцҳаз хәарҭас иоуан. Ус иагьыҟалеит, аԥҳәыс лыԥсы еиқәхеит. Дымԥсраны дыҟан ауп шәҳәозар ҟалап шәара, сара сакәзар, агәра згоит, уи аԥҳәыс санду лыхәшә хәарҭас ишлоуз.

Ухахьы иузаамго ахҭысқәа ҳаԥсҭазаараҿы ирацәоуп,ирацәаҩуп уи аҭҵаара иашьҭалахьоугьы, ирыԥшаауеит еиуеиԥшым агәаанагарақәагьы. Аха аԥсуаа еснагь аныҳәарақәа инадыркны иҟарҵоз зегьы агәра ргон, ирымҳәои, ак ахьырҳәо ак ыҟоуп ҳәа.

Санду лыӡбахә иахьагьы ақыҭаҿы ирҳәоит, дыргәаладыршәоит ԥсеиқәырхаҩык лаҳасабала, уи слызгәдууп. Илымаз адыррақәа сара илҿысымҵаазаргьы, саб иахәшьа лара дызҿыз аус иацылҵеит. Аԥсуа хәшәқәа иахьагьы агәра зго дыҟоуп.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0