Алаԥши, амышьҭеи рықәымшәарц: аԥсуа лабашьа аҵакыи, ахархәашьеи

© Sputnik / Томас ТхайцукАлабашьа.
Алабашьа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рхымҩаԥгараҿы, рыҩнуҵҟатәи акультураҿы, ретнографиаҿы, алабашьа аҵакы амоуп, уи ҳаҭырла аԥсуаа наџьнатә аахыс иныҟәыргоит.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа рхымҩаԥгараҿы, рыҩнуҵҟатәи акультураҿы, ретнографиаҿы, алабашьа аҵакы амоуп, уи ҳаҭырла аԥсуаа наџьнатә аахыс иныҟәыргоит. Ари баша лаба мацараӡам, алабашьа иагьеибашьыгоуп. Алабашьа зку ауаҩы данаагылалак, иааикәшаны иаагылоит. Ус ҟазшьас иҟоуп, алабашьа зку ажәлар рыгәҭа дгылоуп. Ирацәоуп аҵарауаа уи аганахь ала имҩаԥыргахьо аҭҵаарақәа.

"Алабашьақәа хыхкыкны иҟоуп. Иаҳҳәап, абзазаратә лабашьа ауаҩы ашьха дцозар ихы иаирхәоит. Уи ахатә знеишьа амоуп, дыхьчоуп ҳәа аанагоит. Иҟоуп алабашьа зықәрахь инеихьоу, пату зқәу ауаа рхы иадырхәо. Ауаҩы ажәлар рҟны пату, ҳаҭыр иқәымзар алабашьа икыр ҟалаӡом. Иҟоуп алабашьақәа аритуалтә ҵакы змоу. Аныхаԥааҩцәа, апапцәа, ахәаџьацәа ацқьара иадҳәалоуп, урҭгьы иркын", — ҳәа азгәеиҭахьан афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Анатоли Хьециа.

"Алабашьа-адунеи иақәлоу, жәра зқәым, аԥсуа жәлар ркультура иузаҟәымҭхо, иахәҭакны иацу елементуп", — ҳәа иҩхьан аҵарауаҩ Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа.

Алабашьа иадҳәалоу ахҭысқәа, азгәаҭақәа маҷым. Хәҭацыԥхьаӡа иара ахатә ҷыдарақәа амоуп. Алабашьа ахәҭақәа хазы-хазы иҟоуп. Унапала иахьаанукыло, амҳасҭа ахьӡуп, ахырҩынтәы лабашьа, ахыгә лабашьа, ахыкәымпыл лабашьа, ақәаҟьа лабашьа, аҿаҟьа лабашьа уҳәа имаҷым алабашьахьӡқәа.

"Алабашьа ац амоуп. Аԥса ахьахоу аҟынӡа ашшапара ҳәа иашьҭоуп. Иҟоуп еизаданы илашьҭу, иара убас иԥкәрааны илашьҭу алабашьа. Иԥкәрааны илашьҭу алабашьа ахы еиҳа иҭбаауп, аҵыхәахь еиҳа иҭшәоуп. Аԥса хазы амахәҭақәа амоуп. Амҿи иареи ахьеиласоу алабашьа ахьҭагылоу аҭыԥ абла ахьӡуп. Адгьыл излақәгылоу — аԥынҵа ахьӡуп. Зегьы убас рхатәы хьӡқәа рымоуп", — иҳәон аҵарауаҩ Хьециа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАлабашьа.
Алаԥши, амышьҭеи рықәымшәарц: аԥсуа лабашьа аҵакыи, ахархәашьеи - Sputnik Аҧсны
Алабашьа.

Абырг алабашьа анику, данааԥсалак, ибӷа инаҵаргыланы иԥсы алеишьоит. Аизараҿы алабашьа икымкәа дцәажәаӡом. Алабашьа анышьҭихлак, "шәӡырҩы" аанагон.

"Алабашьа ҟазҵо, иззыҟаиҵо ауаҩы иҩыҵра иааҵагыло иҟалар аура ааникылоит. Алабашьа мшы, алабашьа мыжда ҳәа ишәо-изо даннеилак, алабашьа мшы ианақәшәалак ихиҵәоит, нас аԥса ахеиҵоит", — ҳәа дазааҭгылахьан Анатоли Хьециа.

Ашьхаҟа шәарыцара ицо, ашьыжь амца агәгәаҳәа еиқәҵаны, алабашьа аԥынҵа аанкыланы ҩынтә-хынтә иҽҳәаиршьуеит, алаԥши, амышьҭеи рықәымшәарц.

Ажәытәӡа, алаба злацәдырԥссоз, изладырҵыруаз амцаҿы акәын, иҽҳәыршьуан. Аԥса ахьахоу, ашьанҵа акәыршаны иҟарҵон, ихымгәыгәырц азы. Ахаҳә, аџьаз, абҩа еиларҭәа убригь рхы иадырхәон. Ашәарыцаҩцәа еиҳарак атәыҩа иалырхуан, иқәыкшар абжьы мгарц азы. Ашьха ицаз ауаҩы, амҩа дықәланы дышнеиуа илабашьа ицәкаҳар, абахә ицәагар, дыԥсыргьы, дҭахаргьы ирхынҳәыр акәын. Ашыц, ачамҳа, анҷа, аԥсаӡ, аԥсамза, алакациа, аҭәаҵла, алаҳа, аҳәаса уҳәа алабашьа злырхуа амаҭәахәқәа маҷым. Еиҳарак рхы иадырхәон ачамҳа, амҿы ԥшӡоуп, иласуп, аҟаҵара мариоуп ҳәа иԥхьаӡаны.

"Алабашьа амаҭәахә ԥырҟоит кәыркәа аҩбатәи амш инаркны нанҳәа аҩбатәи амшынӡа. Усҟан ашоура акыр ибааԥсуп, амҿы иалоу аӡы еиҳа имаҷуп, аӡы ныҟәаӡом, ахәа ирфаӡом" — иҳәахьан аҵарауаҩ.

Ажәабжьқәа зегьы
0