Аҟәа ашколқәа рҿы имҩаԥыргоит абызшәа амчыбжь

Аҟәа ашколқәа рҿы имҩаԥыргоит абызшәа амчыбжь
Аҟәа ашколқәа рҿы имҩаԥыргоит абызшәа амчыбжь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәа амчыбжь мҩаԥысуеит аҳҭнықалак ь ашколқәа рҿы.

АҞӘА, жьҭ 21 – Спутник Аԥсны. Аԥсуа бызшәа амчыбжь мҩаԥыслоит октиабр 24-нӡа. Арҵаҩцәа имҩаԥыргоит иаарту аурокқәа, исахьаркны аԥхьаразы аицлабрақәа, аҵаҩцәа идырхиоит ажәахәқәа ашәҟәыҩҩцәа ирызкны.
Абызшәа амчыбжь ахәыҷқәа рхатәы бызшәазы ирымоу адыррақәа, ҳхатә ҵасқәеи, ҳқьабзкәеи шьақәнарӷәӷәоит ҳәа илԥхьаӡоит ақалақь аҵара аҟәша аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл.

Ажәабжьқәа зегьы
0