Аиқәшаҳаҭра апроект ҿыц азы агәыԥ аԥҵоуп

© Sputnik / Михаил Мордасов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент Республики Абхазия Рауль Хаджимба
Президент Республики Абхазия Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәлар Реизара адепутатҵәа алархәны еиҿкаауп аусуратә гәыԥ Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи аилаҵәареи рзы Аиқәшаҳаҭра апроект ҿыц аԥҵаразы.

АҞӘА, жьҭ 22 — Спутник Аԥсны. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Иадминистрациа аҟынтәи Жәлар Реизарахь инагаз Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызареи аилаҵәареи рзы Аиқәшаҳаҭра апроект ианалацәажәа ашьҭахь еиҿкаан Жәлар Реизара адепутатҵәа алархәны аусуратә гәыԥ, уи аусура иалагеит Аиқәшаҳаҭра апроект ҿыц аиҿкааразы.

Рацәак хара имгакәа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Иадминстрациахь инашьҭхоит Жәлар Реизара адепутатцәа иҟарҵо ажәалагалақәа.

Абри атәы Аԥсныпресс ахь иаарыцҳаит Жәлар Реизара апресс-маҵзура аҟынтәи.

Ажәабжьқәа зегьы
0