Аминистрцәа рышьақәырӷәӷәразы аусԥҟақәа

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВнеочередное заседание парламента Абхазии
Внеочередное заседание парламента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба аминистрцәа рышьақәырӷәӷәаразы аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.

АҞӘА, жьҭ 22 — Спутник Аԥсны. Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба аминистрцәа рышьақәырӷәӷәаразы аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.

Атәылахьчара аминистрс дҟаҵоуп – Кьышьмариа Мираб Борис-иԥа

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп – Лолуа Рауль Валери-иԥа

Ақыҭанхамҩа аминистрс —  Оҭырба Рафик Константин-иԥа

Аекономика аминистрс – Ачба Николаи Владимир-иԥа

Аҵарадырреи, анаукеи, аспори аҿартә политикеи рминистрс – Какоба Адгәыр Паата- иԥа

Акультреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аиқәырхаразы аминистрс – Арсалиа Ельвира Анатоли-иԥҳа

Агәабзиарахьчара аминистрс – Гәынба Давид Дмитри-иԥа.

Ажәабжьқәа зегьы
0