Арҵаҩцәеи астудентцәеи Иуа Коӷониа иқыҭа иаҭааит

Арҵаҩцәеи астудентцәеи Иуа Коӷониа иқыҭа иаҭааит
Арҵаҩцәеи астудентцәеи Иуа Коӷониа иқыҭа иаҭааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәеи астудентцәеи Иуа Коӷониа иқыҭа иаҭааит.

АҞӘА, окт 23 — Спутник Аԥсны. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, афилологиатә факультет арҵаҩцәеи астудентцәеи аҭааит апоет Иуа Коӷониа дахьииз ақыҭа Кәтол. Аиԥылара ахьымҩаԥысуаз абжьаратә школ ахь имҩахыҵаанӡа, асасцәа неины ашәҭқәа шьҭарҵеит апоет дахьжу  аҭыԥ аҿы, анаҩс Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан иҭахаз рбаҟаҿы.

Ахәылԥаз иалахәын, Кәтолтәи абжьаратә школ арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи. Аусмҩаԥгатә хықәкыс иаман, Иуа Коӷониа иԥсҭазаареи ирҿиареи ирызку адокументалтә фильм "Ашаеҵәа" ашколхәыҷқәа дырбареи, иажәеинраалақәа рыԥхьареи. Уи авторс, арежиссерс дамоуп афилолог, ажурналист Екатерина Бебиа. Афильм ҭыхын инарылукааша аԥсуа поет-гәлымҵәах Иуа Коӷониа диижьҭеи 110 шықәса аҵра иақәыршәаны. Афильм аҭыхра алыршахеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, афилологиатә факультет астудентцәа рыцхыраарала, урҭ афильм аҿы арольқәа нарыгӡеит.

Ашкол адиректор Марина Анатскаиа афильм автор иҭабуп ҳәа лаҳәо, алкаа ҟалҵеит, ас еиԥш иҟоу аусумҭақәа акыр шрыҵаркуа алитературатә традициақәа реиқәырхареи, рырҿиареи рзы.

Анаҩс, афильм "Ашаеҵәа" ахәҭак арбара мҩаԥысит. Екатерина Бебиа еизаз ирзеиҭалҳәеит, адокументалтә фильм "Ашаеҵәа" аҭыхра ауадаҩрақәа маҷымкәа ишацыз, уи зыхҟьозгьы иахәҭоу амаругақәа ахьрымамыз шакәу. Аха ауадаҩрақәа ргәы шканамыжьыз, зегьы рыдҵақәа шынарыгӡаз. "Ашаеҵәа" ҵакыс иамоу дахцәажәо, автор иазгәалҭеит: "Гәык-ԥсык ала ҳгәы иахылҵыз акоуп… Иуа Коӷониа иеиԥш иҟаз рырҿиамҭақәа, ари доуҳатә мчуп". 

Аԥсуа литература акафедра аиҳабы Диана Аџьынџьал аиԥылара ахә ҳаракны илшьеит: "Агәалашәара ыҟанаҵ, иҟоуп аԥсҭазаара, уи иахьа агәра ҳгартә еиԥш иаабеит ара" — лҳәеит уи.

Ашьҭахь, астудентцәа аԥхьеит Иуа Коӷониа иажәеинраалақәеи, рхатәы аԥҵамҭақәеи.

Аиԥылара еиҿкаан Аԥсуа литература акафедра арҵаҩы, В. П. Анқәаб ихьӡ зху акабинет аиҳабы, астудентцәа еидызкыло арҿиаратә гәыԥ "Ацәыкәбар" анапхгаҩы Ахра Анқәаб иаԥшьгарала.

 

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0