Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы ламхра азҵаара ӡбоуп

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҟәа ақалақь Ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы ламхра ӡбоуп
Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы ламхра ӡбоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь аҵара аҟәша аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл ламхраз аӡбамҭа арҵаҩцәа агәынамӡара рызцәырнагеит.

АҞӘА, жьҭ 31 — Спутник Аԥсны. Иахьа "Арҵаҩцәа рыҩнаҿы" имҩаԥган Аҟәа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи русзуаҩцәа реизара. Уи мзызс иазыҟалеит Аҟәа ақалақь Ахада инапынҵақәа назыгӡо Адгур Ҳаразиа, Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл иаанылкыло аҭыԥ аҟынтәи лхы лақәиҭтәразы азҵаара ахьышьҭихыз. 

Аҵара аусбарҭа аусзуаҩцәеи, арҵаҩцәеи, еицҿакны Асҭанда Ҭаркьыл лусура ахә ҳаракны иршьеит, уи лнапы злаку аус инарҵауланы издыруа, алҵшәа бзиақәа аазырԥшхьоу аӡә лаҳасабала лыӡбахә иалацәажәеит. Еизаз агәынамӡара аадырԥшит Адгур Ҳаразиа иӡбамҭа инамаданы, ирҳәеит ари азҵаараҿы ишиқәшаҳаҭым, аҳәарагьы ҟарҵеит Ҭаркьыл лҭыԥ аҟны дааныжьзарц.

Адгур Ҳаразиа иазгәеиҭеит, арҵаҩцәа русураҿы аиҵахарақәа маҷымкәа ишыҟоу, Асҭанда Ҭаркьыл лхы лақәиҭтәра азҵаара ацәырҵра мзызс иамоу ақалақь аҿы арҵаратә процесс иахьатәи аамҭа иақәшәо аҟаҵара шакәу. Арҵара Европатәи астандартқәа ирықәшәо иҟазарц азы, аиҭакрақәа шаҭаху.

Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы иусқәа назыгӡо макьана далхӡам, Адгур Ҳаразиа излеиҳәаз ала, уи далырхуеит аусуаҩцәа руаӡәк рҟынтә, убри аан арҵаҩцәа ргәаанагара азҿлымҳара шеиҭо, уи дшықәныҟәо иҳәеит.

"Аамҭала лхы дақәиҭыстәуеит, уи азы ақьаад снапы аҵазҩуеит, анаҩс ашколқәа зегь рҟынтәи арҵаҩцәа рыбжьара аудит ҟаҵаны аӡбара ҳадҳкылоит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы иалхраз" — иҳәеит Адгур Ҳаразиа.

Ишәгәалаҳаршәоит, Асҭанда Ҭаркьыл 2007 шықәса инаркны Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабыс аус шылуаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0