Лавров: Украинатәи акризис азы ахара Урыстәыла адҵара ауӡом

© Sputnik / Сергей Кузнецов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла Адәныҟатәи аусқәа Рминистр Сергеи Лавров. Архивтә фото.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа Рминистр Сергеи Лавров. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҟоу аиаша амҩа ылнахуеит мраҭашәаратәи аинформациатә хархәагақәа рҿгьы, урҭ аҭагылазаашьа ганкы мацарала аарԥшра ишаҿугьы. Асанкциақәа ракәзар, урҭ адунеи аекономикатә ҭагылазаашьа иаԥырхагоуп, ҳәа игәы иаанагоит Сергеи Лавров.

АҞӘА, абҵ 19 — Sputnik. Украина иҟоу аҭагылазаашьазы Урыстәыла ахара адҵара лҵшәа змам усуп, иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистр Сергеи Лавров.

"Украинатәи акризис азы Урыстәыла ахара адҵаразы иҟоу аҽазышәарақәа лҵшәа роуам. Иҟоу аиаша амҩа ылнахуеит аҭагылазаашьа ганкала иаазырԥшуа мраҭашәаратәи аинформациатә хархәагақәа рҿгьы. Урыстәыла аганахь ала иҟаҵоу асанкциақәа ракәзар, урҭ хырҳага рымам, адунеитә еканомиказы ашәарҭара аҵоуп, насгьы Украинатәи акризис аӡбара иацхраауам", — иҳәеит Лавров Аҳәынҭқарратә Думаҿы дықәгыло. 

Ажәабжьқәа зегьы
0