Аԥсни Урыстәылеи ирыдыркылеит тәанчахәыла аиқәыршәаразы аиқәшаҳаҭра

© Sputnik Роберт ДжопуаСоглашение о пенсионном обеспечении между Абхазией и Россией подписано
Соглашение о пенсионном обеспечении между Абхазией и Россией подписано - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьеи, асоциалтә хьчареи рминистр Сурен Керселиани, Урыстәыла аџьеи асоциалтә хьчареи рминистр Максим Топилини Аԥсны иқәынхо Урыстәыла атәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

ШӘАЧА, мшԥ 14 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны иқәынхо Урыстәыла атәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәаразы аиқәшаҳаҭра аҩаша, мшаԥы 14 рзы, рнапы аҵарыҩит Аԥсны Аџьеи, асоциалтә хьчареи рминистр Сурен Керселиани, Урыстәыла аџьеи асоциалтә хьчареи рминистр Максим Топилини. Абри атәы ааицҳаит аҭыԥан иҟоу Sputnik акорреспондент.

Напы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Аԥсны атәанчаҩцәа ирзылххо аԥара иааидкыланы Урыстәыла аладатәи афедералтә округ иазылху атәанчахәы иаҟарахоит, иагьышьақәнаргылоит 10 179,65 мааҭ инарзынаԥшуа.

Атәанчаҩцәа ироуа аԥара хышықәса ирылагӡаны иазҳалоит: ажьырныҳәа 1, 2015 шықәса инаркны — 20% рыла, мшаԥы 1, 2016 шықәса инаркны — 40% рыла, мшаԥы 1, 2017 шықәса инаркны — 62% рыла.

Аԥсны иқәынхоит атәанчаҩы иқәрахь иаҵанакуа 30 нызқьҩык Урыстәыла атәылауаа. Иахьазы атәанчаҩцәа ибжьаратәны ироуеит ф-нызқь мааҭ.

Иахьа напы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аусеицуреи астратегиатә еиҩызареи рзы Аиқәшаҳаҭра ду анагӡара иақәшәо иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0