Владислав Арӡынба игәалашәара иазку адомино азы атурнир хыркәшоуп

© Sputnik Томас ТхайцукВладислав Арӡынба ихьӡ зху адомино азы атурнир.
Владислав Арӡынба ихьӡ зху адомино азы атурнир. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владислав Арӡынба игәалашәара иазку, жәларбжьаратәи адомино асразы раԥхьатәи иаарту аҳәынҭқарратә атурнир аихшьалақәа ҟаҵоуп.

АҞӘА, хәжәк 30 — Sputnik, Роберт Џьопуа. Аҟәа имҩаԥысуаз Владислав Арӡынба игәалашәара иазку, жәларбжьаратәи адомино асразы раԥхьатәи иаарту аҳәынҭқарратә атурнир  хыркәшоуп.

Еихацалаку аицлабраҟны ибзианы рхы аадырԥшит Санкт-Петербургынтәи аишьцәа Корнееваа. Руаӡәк Владимир Корнеев адомино азы Жәларбжьаратәи Афедерациа ахада дихаҭыԥуаҩуп. Корнеев иазгәеиҭеит аспортсменцәа зегь шыӷәӷәаз, ахәмаррақәа аинтерес шрыҵаз атәы, иара убас иааидкыланы атурнир ахәшьара ҳаракы аиҭеит.

"Атурнир рхы аладырхәит аҳәсацәа, аҿар – уи Аԥсны адомино аҿиара ҳарак шамоу атәы аҳәоит", – ҳәа Sputnik акорреспондент иаиҳәеит Корнеев.

Хаҭалатәи аицлабрақәа рҟны даиааит Аԥсны адомино Афедерациа апрезидент Ҭемыр Лакрба. Иара иазгәеиҭеит ахәмарра шымариамыз атәы, иӷәӷәоу аиндаҭлаҩцәа шимаз азгәеиҭеит. Иара убас Лакрба иазгәеиҭеит аҳәынҭқарраҟны ас иԥш иҟоу аицлабрақәа рымҩаԥгара аҵак ду шрымоу.

"Иҳамоу аицлабрақәа зегьы аԥеиԥш лаша рымоуп. Ҳара ибзианы имҩаԥаҳгеит Владислав Арӡынба игәалашәара иазку ахәмаррақәа, уи традициазаауеит. Шықәсык иҭагӡаны ашколхәыҷқәа рыбжьара аицлабрақәа рымҩаԥгара ҳгәы иҭоуп, иара убас аҳәынҭқарратә еицлабрақәа", – иҳәеит Лакрба.

Ҭемыр Лакрба иажәақәа рыла, Владислав Арӡынба игәалашәара иазкыз аицлабра рхы аладырхәит шәҩык аспортсменцәа. Иаиааиз адипломқәа, амедальқәа, ахраҿақәеи аԥареи рзыԥшын.

Владислав Арӡынба игәалашәара иазку жәларбжьаратәи адомино асразы раԥхьатәи иаарту аҳәынҭқарратә атурнир  ҩ-етапкны имҩаԥысит: хәажәкыра 28 еихацалаку аицлабрақәа мҩаԥган, хәажәкыра 29 – хаҭалтәи.

Аԥсны Адомино Афедерациа 2005 шықәсазы ишьақәыргылан. 2006 шықәса инаркны адомино азы еизгоу амилаҭтә команда адунеи аицлабрақәа ирылахәуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0