Ерика Кәарҷиаԥҳа астолтә ԥқьаҭымпыл азы актәи аҭыԥ аанылкылеит

© Фото : ГКМСЕрика Кәарҷиаԥҳа астолтә ԥқьаҭымпыл азы актәи аҭыԥ аанылкылеит
Ерика Кәарҷиаԥҳа астолтә ԥқьаҭымпыл азы актәи аҭыԥ аанылкылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны еизгоу акоманда ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит Нижегородтәи аобласт, ақалақь Кстово имҩаԥысуаз астолтә ԥқьаҭымпыл азы аиндаҭлараҿы.

АҞА, рашәара 29 – Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Аԥснытәи аспортсменка Ерика Кәарҷиаԥҳа Китаии Урыстәылеи рспортсменцәа ираԥыганы актәи аҭыԥ аанылкылеит Нижегородтәи аобласт, ақалақь Кстово имҩаԥысуаз астолтә ԥқьаҭымпыл азы аиндаҭлараҿы ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥсны еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ Беслан Қарчаа.

"Ерика 12 хәмарра мҩаԥылгеит. Атурнир акыр иуадаҩын. Хымш рыла ариаҟара хәмарра рымҩаԥгара акыр ихьанҭоуп. Афиналбжаҟны Ерика Китаитәи аспортсменка илаԥылгеит. Уи атәылаҿы ари аспортхкы даара аҿиара аманы иҟоуп", — иҳәеит Қарчаа.

 Аԥснытәи акоманда шьақәгылан хҩык аспортсменкацәа Ерика Кәарҷиаԥҳа, Ҳанифа Воуԥҳа, Беата Аршԥҳа рыла.

"Хәышықәсоуп ҳкоманда астолтәԥқьаҭымпыл азы мрагылара-европатәи алига аиндаҭлара иалахәуижьҭеи. Ақәҿиарақәагьы аадырԥшуеит. Ҳара ҳхәыҷқәа аспорт иадҳаԥхьалоит. Ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи рҟны асекциақәа раартра ҳҽазаҳшәоит", — иҳәеит азыҟаҵаҩ.

© Фото : ГКМСЭрика Кварчия заняла первое место по настольному теннису
Эрика Кварчия заняла первое место по настольному теннису - Sputnik Аҧсны
Эрика Кварчия заняла первое место по настольному теннису

Иара иажәақәа рыла Аԥсны ахы аҵыхәа хышәҩык рҟынӡа астолтә ԥқьаҭымпыл ахь иныҟәоит, урҭ рҟынтәи 150-ҩык рҟынӡа атурнирқәа лассы-лассы ирылахәуп.

"Абри амзазы Аԥсны имҩаԥысит аспортакиада, араионқәа зегьы рхаҭарнакцәа алахәын. Сынтәа еиҿкаан Тҟәарчал, Очамчыра, Гагра, Аҟәа рҟны аиндаҭларақәа", ҳәа еиҭеиҳәоит Қарчаа.

Рашәара  22 — 26 рзы Кстово имҩаԥысит астолтә ԥқьаҭымпыл азы мрагылара-европатәи алига аиндаҭлара. Аиндаҭлара иалахәуп 190 команда.

Ажәабжьқәа зегьы
0