Риҵатәи аҳәырҧсарра мызкы иҭагӡаны 4 миллион мааҭ арҳаит

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОзеро Рица. Архивное фото.
Озеро Рица. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Риҵатәи амилаҭтә ҳәырҧсарра агәаҭара-аужьратә пункт аҟны 2015 шықәса мшаҧымзазы 3 845 400 мааҭ рыхә абилеҭқәа ҭиин. Еиҿҳарҧшуазар, ҵыҧх амшаҧазы 105 500 мааҭ роуп иаанагаз.

АҞӘА, лацара 1 — Sputnik, Наала Аҩӡба. 2015 шықәса мшаҧы 1 инракны 30-нӡа Риҵатәи амилаҭтә ҳәырҧсаррахь абилеҭқәа рыҭира 3 845 400 мааҭ аанагеит. Абри атәы амилаҭтә ҳәырҧсарра аофициалтә саит аҟны иануп. Уи апериод 2014 шықәсазы 105 500 мааҭ арҳаит.

Риҵатәи амилаҭтә ҳәырҧсарра аиҳабы Рита Лолуа Sputnik ишазаалыцҳаз ала, уи аҩыза алыршахеит аужьратә пунктқәа рыҟны ауаа ламысла аус ахьыруо иабзоураны, иара убас дара ахылаҧшра бзиа азыруоит.

"Ҳара авидеокамерақәа ҧшьба ҳамоуп, урҭ ианырҵо асахьақәа адирекциа амониторқәа рыҟны иаанахәоит. Аха ҳәарада раҧхьаӡа акәны уи аҳәырҧсарра аҟны аус зуо ауаа роуп изыбзоуроу. Ауаа ртәыла амаҵ азура рҭахуп, иазхиоуп. Уаҳа акгьы", — азгәалҭеит Рита Лолуа. 

Риҵатәи амилаҭтә ҳәырҧсарра аныҳәамшқәа рзы миллионки бжаки мааҭ рҟынӡа аҧара аанагеит. Аҳәырҧсарра аиҳабы лажәақәа рыла уи зыбзоурахаз асанкциақәа ирыхҟьаны Аҧсны урыстәылантәи аҧсшьаҩцәа рхыҧхьӡара реизҳара ауп ҳәа иҟоуп агәаанагара.

"Уи азхаҵара уадаҩуп. Аҳәырҧсарра аҟны 20 шықәса инареиҳаны аус зухьо срыҿцәажәеит уи аӡбахә ала, дара ражәақәа рыла ауаа рхыҧхьаӡара иацымлаӡеит, ишыҟац иҟоуп", — лҳәеит Лолуа. 

Рита Лолуа Риҵатәи амилаҭтә ҳәырҧсарра еиҳабыс дахадыргылеит 2014 шықәсазы. Лара лаҧхьа аҳәырҧсарра еиҳабыс даман Саид Ҭаркьыл.


Ажәабжьқәа зегьы
0