Ахба: 2015 шықәса Аԥсны атуризм азы реиҳа иманшәалоу шықәсуп

© Sputnik Томас ТхайцукАсҭамыр Ахба
Асҭамыр Ахба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба иазгәеиҭеит Аԥсны атуризм аизҳара афактор хадақәа иреиуоуп атәымҳәынҭқарратә валиута акурс ахьеизҳаз иара убасгьы ҳгәыларатәи Шәача иҟоу акластерқәа рҭааҩцәа ахьырацәаҩуи ҳәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 29 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа зегьы ирыдкыланы уахәаԥшуазар, 2007, 2015 шықәсқәа Аԥсны атуризм азы реиҳа иҭышәынтәалоу, иманшәалоу ракәны иҟоуп ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба.

"Ҿырԥшыс иаагозар, 2007 шықәса рзы Афон Ҿыц иҟоу аҳаԥы иаҭааит 295 224-ҩык атуристцәа, Риҵатәи аҳәырԥсарра – 210 797-ҩык атуристцәа. 2015 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны иахьанӡа Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра иаҭаахьеит 240 518-ҩык атуристцәа, Афон Ҿыц аҳаԥы – 153 534-ҩык. Ариаҟара атуристцәа ақырҭуа-аԥсуа еибашьра ашьҭахь арҭ аобиектқәа ирҭааны иҟамлацызт. Ҳара ҳгәыӷуеит 2007 шықәсеи 2014 шықәсеи раасҭа асанатортә-курорттә обиектқәеи ахатәы сектори рҟнгьы ауаа рыҟазаара еиҳа еиҳахап ҳәа", — азгәеиҭеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Асҭамыр Ахба иазгәеиҭеит атуристцәа аҳәаа рахысра армариаразы сынтәа ауснагӡатә цҵақәа шрыдкыло.

Абхазо-российская граница. - Sputnik Аҧсны
Аԥсшьаратә сезон аламҭалаз Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа еиԥҟьарада аус ауеит

"Сынтәа аушьҭырҭатә пунктқәа рҟны иаԥҵана аҭагылазаашьа цҵақәа атуристцәа еиҳа иманшәалани раамҭа мгакәани аҳәаа рахыжьразы. Автомобилтә аушьҭырҭатә пункт аҟны уаанӡа апаспорттә хылаԥшра фҩык ракәзар имҩаԥызгоз иахьатәи аамҭазы урҭ рхыԥхьаӡара жәаҩаҩык рҟынӡа еиҳатәуп. Абарҭ рҩызцәа ауснагӡатәқәа мҩаԥган ашьаҟауаа риасырҭа атерминалқәа рҟынгьы. Уаҟа уажәазы аус руеит 14 кабина", — иҳәеит Ахба.

Акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба иазгәеиҭеит Аԥсны атуризм аизҳара афактор хадақәа иреиуоуп атәымҳәынҭқарратә валиута акурс ахьеизҳаз иара убасгьы ҳгәыларатәи Шәача иҟоу акластерқәа "Гәбаа дәы", "Олимпийский парк" рҭааҩцәа ахьырацәаҩу ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0