Аԥыза-министр: аԥсшьаратә сезон аӡынгьы иацҵатәуп

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны аԥыза-министр Артур Амқәаб
Аԥсны аԥыза-министр  Артур Амқәаб - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атуризм аусхк аҟны иҟоу апроблемақәа ирылацәажәеит Аминистрцәа Реилазаараҟны ахаша, абҵара 18 рзы.

АҞӘА, абҵара 18 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсны атуристтә сезон аӡынгьы иацҵатәуп иҳәеит Аԥыза-министр Артур Амқәаб.

"Ауаа рыԥсы ршьартә, ргәабзиара шьақәдыргылартә еиԥш аҭагылазаашьақәа раҳҭароуп, убри азы асервис иреиӷьӡоу аԥсуа традициақәа ирықәшәо иҟазароуп", — ҳәа азгәеиҭеит Амқәаб.

Аԥыза-министр иациҵеит иҭышәынтәалам аполитикатә ҭагылазаашьа ахьыҟоу ицо атуристцәа рхыԥхьаӡара акыр еиҵахеит ҳәа.

"Сынтәатәи асезон азы ҳара ҳахь иааит ҵыԥх аасҭа акыр еиҳаны аԥсшьаҩцәа. Ҳара ҳҿаԥхьа иқәгылаз адҵақәа рынагӡара ҳалҳаршеит. Исызҳәом урҭ Хорватиа, Черногориа рҟнеиԥш ҩаӡарала иҳаракын ҳәа аха усгьы ҳацәгьам", — ҳәа азгәеиҭеит Аԥыза-министр.

Иара иажәақәа рыла, Аԥсны атуристцәа аднаԥхьалоит екологиала, ҳауа цқьала, фатәгьамала. Иара иазгәеиҭеит аинфраструктура арҿиара аҭахны ишыҟоу.

Амқәаб еиҭеиҳәеит урыстәылатәи ҳколлегацәа рыцхыраарала ауаа аҳәааҟны акраамҭа ргылара шыркьаҿхаз, убри аганахь ала уажәгьы аусурақәа шцо. Иара убри аамҭазы инаҵшьны дазааҭгылеит апроблемақәа зегьы шыӡбам.

Закат. - Sputnik Аҧсны
Ҭагалантәи аԥсшьара аамҭа иаԥскымҭоуп Аԥсны

Аԥыза-министр иҳәеит Аԥсны иахьаҵанакуа зегьы ҩышықәса рыҩныҵҟа арыцқьаратә цәаҳәақәа рыргылара гәҭакны ишрымоу.

Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкьиа еиҭеиҳәеит аусхк аҟны проблемақәаны иҟоу ртәы, аӡын атуристцәа радыԥхьаларазы иҟаҵатәны иибо атәы.

"Ҳара апроблема рацәа ҳамоуп. Урҭ зегьы зныкала иаҳзыӡбом" — иҳәеит иара.

Иара иажәақәа рыла атуристтә хырхарҭа уасхырс иамоуп ахаҭабзиареи, ашәарҭадареи, асервиси.

Аминистр иҳәеит атуристтә усхк арҿиараҿи аԥсшьаҩцәа арахь радыԥхьалареи рхы рыладырхәыроуп аҳәынҭнапхгараҭара аусҳәарҭақәа зегьы ҳәа.

Ражәалагалақәеи ргәаанагарақәеи ртәы рҳәеит атуристтә бизнес алахәылацәеи асасааирҭақәа рхатәтәыҩцәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0