Атуристцәа ирцәырҵәахуазеи аԥсуа екскурсиамҩаԥгаҩцәа?

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны атуристтә усхк апроблема хадақәа ируакуп аекскурсиамҩаԥгаҩцәа ргәаанагарала ихууаданы иныҟәо арахә, алақәа, агәамсам, аҳәаа ахыҵра.

Аԥсуа екскурсиамҩаԥгаҩцәа ҳкорреспондент Владимир Бегунов изеиҭарҳәоит акурорттә сезон аан проблемақәаны ирыҽԥынгыло ртәы.

Селфи – атәыла ӡырнагоит

Акурорттә сезон ианалага инаркны аурыс-аԥсуа ҳәаа ихыҵны Аԥсныҟа иаауеит атуристцәа. Ҵыԥх урҭ рхыԥхьаӡара акыр ирацәан. Асеиԥш асовет аамҭақәа рзгьы ирацәамзар ҟаларын рҳәоит аҭыԥантәи ауаа. Атуристтә автобусқәа рымацара мышкала рхыԥхьаӡара 80 рҟынӡа инаӡон. Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа иажәақәа рыла 2015 шықәса рзы Аԥсныҟа иааит х-миллионки бжаки аԥсшьаҩцәа. Сынтәа урҭ еиҳагьы еиҳахап ҳәа агәыӷра ыҟоуп.

Уажәы ареспублика акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иаҿуп. Ҳара ҳрыҿцәажәеит аԥсуа екскурсиамҩаԥгаҩцәа.

Давид Ҵышәба ААУ аҭоурыхтә факультет далгеит, Аԥсны еизгоу КВН акоманда "Мои золотые" далахәылан. Аус иуеит ареспубликаҟны иналукааша атурфирмаҟны.

— Сара аус рыцызуеит "мышкы" ҳәа арахь иаауа атуристцәа. Уи абар, жәашықәса инарзынаԥшуа саҿуп: ашьыжь асааҭ 6 рзы сгыланы аҳәааҟны автобусқәа сырԥылоит, нас – Пицунда, Афон ҿыц, аӡиа Риҵа, Лыхны ҳцоит. Ахәылбыҽха аҳәаахь ҳаиҭахынҳәуеит. Акыр уааԥсоит, апрограмма дууп.

Давид иазгәеиҭеит аекскурсиамҩаԥгаҩцәа Аԥсны атуристцәа радыԥхьалараҿы рлагала дууп ҳәа. Иара иажәақәа рыла аекскурсиамҩаԥгаҩ иусура шоук еиԥшуп, иҟоу ацәгьа-мыцәгьа рылаԥш аҟәыган абзиа иаздырхоит.

Давид диқәшаҳаҭуп Нона Џьениаԥҳагьы. Уи декономиступ занааҭла, аха ара аус луеижьҭеи 15 шықәса ҵуеит.

Давид игәаанагарала Аԥсны атуристтә обиектқәа рҟны иаҭахуп хәыда-ԥсадатәи Wi-Fi.

— Изныкымкәа абри атәы сҳәахьеит. Ауаа ирымазароуп алшара асоциалтә ҳақәа рҟны аселфи ацәыргара, урҭ ремоциақәа хьшәашәахаанӡа. Аԥшӡарақәа зегьы ирызцәырыргалароуп.

Аҳәааҟынтәи абиурократиа

Давид Ҵышәба игәаанагарала атуризм аусхк аусуҩцәа ирԥынгыло акәны иҟоуп аҳәаа ахысра ауадаҩра.

— Аҳәааҟны автобусқәа рзы ацәаҳәа алхны иҟоуп ҷыдала. Иара ҭахкаатәуп, избанзар ахатәмашьынақәагь рхы иадырхәар рҭаххоит. Уи адагьы агәамсам ҳхыҵәеит ҳҳәар ауеит. Амҩақәа зырымрыцқьо сыздырам. Даара иԥхашьароуп. Ирацәаҩуп "абас изыҟьышьузеи?" ҳәа исазҵаауа.

Асеиԥш зҳәо Давид имацара иакәым, ирацәаҩуп.

Амшын ааигәара иҟоу апарк. Гагра. - Sputnik Аҧсны
Аекскурсиамҩаԥгаҩцәа ршкол Аԥсны иаартуп раԥхьаӡа акәны

— Аԥхын ашәаԥыџьаԥ ирҵәахуеит ҳгәамқәа, — лҳәоит Нона Џьениаԥҳа, аха атуристцәа ашықәс зегьы иаауеит. Гагратәи аколоннада Аԥсны асимволқәа ируакуп. Уа хымԥада ҳаангылалоит. Атуристцәа рфотосахьақәа ҭырхуеит. Афонтан гәамла иҭәуп. Уи ма иарктәуп, ма анышә ҭаԥсаны шәҭқәак еиҭаҳатәуп.

Ванда Ԥлиаԥҳа, дҭоурыхдырҩуп. Жәохә шықәса ҵуеит атуризм дадҳәалоижьҭеи.

— Атурист раԥхьа илаԥш иҵашәо ҳаԥшӡарақәа ракәӡам, иҳагу ауп. Шьыжьнаҵы ргәалаҟазаара каҳауеит. Урҭ арахь ԥсшьара иаауеит. Ҳара агәам ҳхыҵәаны ҳаҟоуп. Ажәабжьқәа, алегендақәа рзеиҭаҳәара ҳалагоит. Изныкымкәа аҳәара ҟаҳҵахьеит амҩа иахьаԥну идрыцқьаларц, аха еснагь аԥара ыҟам рҳәоит. Агәамеизакырҭақәа рыргылара ԥара дук аҭахуп ҳәа сыҟам.

Вандагьы гагратәи аколоннада аӡбахә мҳәакәа дзаҩсуам.

Акоррупциа мамзаргьы аилибакаара

Иҟоуп аҽа проблемакгьы – автоинспекциеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рҳәоит аекскурсиамҩаԥгаҩцәа.

— Атуристцәа ареспубликахь аԥара ааргоит. Урҭ аԥарақәа рыла рхы ныҟәыргоит арымӡааҩык ҳтәылауаа. Ааи, атуристтә автобусқәа аԥҟарақәа анеиларгогьы ыҟоуп, аха иныҟәырго ауаа зегьы ирхьырыгӡарц ахьырҭаху ауп уи зыхҟьо. Автоинспекторцәагьы еилкаарак аадырԥшыр ами. Дара амашьынарныҟәцаҩцәа аанкылан аԥара рымхра иалагоит. "Аԥсны акоррупциа алаҵәазар ҟалап" рҳәалоит. "Ҳара ҳҟны акоррупциагь ыҟоуп, аха иҟоуп аилибакаарагьы", ҳәа лафқәак сҳәалоит иҳәоит Давид Ҵышәба.

Аҽакгьы. Уззааҭгылаша акәны Давид иибо азеиԥш крыфарҭақәа рҟны асанитартә гәаҭарақәа роуп.

— Ауаа аагеит. Џьара акрырфарами. Даара ирацәоуп ирфо зԥырхагахо. Уи адагьы атуристтә обиектқәа рҟны амилициатә патруль ыҟазароуп. Еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ҟалалоит.

Нона Џьениаԥҳа илҳәоит атуристцәа ирдыруа аресторанқәеи акафеқәеи рахь шакәу иахьнарго, аха зегьы рцәыхьчара шрылымшо. Иааинырслан аҭирҭа ҭыԥқәа анеиҿыркаауа асанитариа зынӡа иазхьаԥшӡом.

Ауааи аԥареи

Давид Ҵышәба иажәақәа рыла Аԥсны апутиовкақәа рыхә акыр имаҷуп. Урҭ рыхә иҟоу аинфлиациа иақәшәом. Аха ахәԥса ашьҭыхра ауеит иҟоу инегативу ацәырҵрақәа анаԥыххалак ашьҭахь.

— Апроблемақәа рацәоуп. Урҭ аԥыхлатәуп. Ҳара иҳахәо иҟоу аԥсабара аԥшӡароуп. Аԥсабарагь ԥсабароуп, аха аинфраструктура еизырҳатәуп.

"Мышктәи" аекскурсиа ахәԥса 2700 мааҭ артәоит. Уи 30-нтә ишьҭухыр (автобусҭыԥқәа), иуоуа 80 рыла ишьҭухыр иҟалоит мышкала 6-миллион мааҭ.

Атуризм Аԥсназы еиқәырхаганы иԥхьаӡатәуп, ишахәҭогьы имҩаԥгалатәуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0